Аԥсадгьыл ахь агәыблра

07 Ԥхынкәын 2023 12:43
«Даҽа Ҧсадгьылк ҳамаӡам»! Аҧсны ахақәиҭратә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа». Абас ахьӡуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рхаҭарнак, ҳџьынџьуаҩ, ашәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩы Селчук Сымсым аҧсшәахь еиҭаганы иҭыжьу ишәҟәы. Ахьӡ мацаралагьы уи ахшыҩҵак иуеилнаркаауа рацәоуп.
Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рырҿиара Ацентр ахаҭарнакцәа абҵарамза анҵәамҭазы Урыстәыла, Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысуаз 29-тәи Жәларбжьаратәи ақыҭанхамҩатә техника, аиқәыршәагақәа, аҵиааӡареи ақыҭанхамҩеи раалыҵ аҭыжьреи, аарыхреи, аус адулареи рзы аматериалқәа рцәыргақәҵа рхы аладырхәит.
Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭақәа рмаҵурауаа руалафахәы 100% рыла ишьҭыххоит.
Аҟәа ақалақь аҿы аусура иацнаҵоит ацәыргақәҵатә експозициа. Уи ахықәкы хада акәны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультура-ҵарадырратә еимадара ашьақәыргылара, иара убас ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи аурыс культура аԥшӡареи абеиареи дырдырра.
Аҟәа ақалақьтә Еизараҿы ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны есымзатәи асоциалтә шәатәқәа рыҩаӡара ашьҭыхразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me