Алаҳәара

17 Абҵара 2022 15:05

18.11.2022 ш., асааҭ 14 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа аҩны 111, 1-тәи аихагылаҿы аӡбаратә еилатәара мҩаҧнагоит. Уи азкуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иаларгалараны иҟоу "Азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра" арҽеиразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан апроекти Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахы 7 адҵақәеи ахьынӡеиқәшәо аганахьала алкаа аҟаҵаразы Аҧсны Ахада иҟаиҵаз азыҳәара ахәаҧшра.

Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаартын Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор  Амиран Адлеиба иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь инаган асахьаҭыхҩы еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иаҧиҵаз аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа еиҿкаан Амиран Адлеиба ииубилеи аҳаҭыр азы.

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб дидикылеит акомпозитор, ашәаҳәаҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәылеи зҽаҧсазтәыз рартист Алеқсандр Шоуа.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи ирыдиныҳәалеит амилициа Амш.

Ноиабр 10 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә  имаҵура дахагылоижьҭеи ҩышықәсеи бжаки ирыҵаркуа аамҭазы иалыршоу иазкын аҳасабырба ҟаиҵеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәарақәа рзал аҟны. Ҩ-сааҭк иназынаҧшуа ицоз аиқәшәара, ҩ-хәҭакны ишьақәгылан. Актәи ахәҭа аҟны Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иқәгылара, аҩбатәи ахәҭаҿы аелектронтә ҟазшьала Аҧсны Ахада изаарышьҭуаз азҵаарақәеи аҭыҧантәи  изнеиуаз азҵаарақәеи рҭак рыҟаҵарала.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2,5 шықәса рыҩнуҵҟа имҩаҧгоу аусуразы аҳасабрба ҟаиҵеит

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me