Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ҳажәлар иргаз Аиааира 30 ш. ахыҵра азгәаҭара иазкны еиҿкаау Аҳәынҭқарратә комиссиа абзоурала иҭыжьуп Д.И. Гәлиеи Т.Шь. Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа занашьоу Анатоли Лагәлаа ишәҟәы «Аныуаа рхәы».
Апресс-конференциа аартуа аурыс театр аиҳабы Иракли Хынҭәба иҳәеит аҟазара знапы алаку зегьы иааиҧмырҟьаӡакәа аусуратә процесс арежим рҽақәыршәаны бжь-шықәса шыҵуа аус руеижьҭеи.
Ааигәа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз Аусҧҟа инақәыршәаны еицырдыруа Кавказҭҵааҩцәа ируаӡәку, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Х.М. Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аурыс бызшәеи азеиҧш бызшәадырреи ркафедра апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵааратә Академиеи ракадемик, Жәларбжьаратәи Кавказтәи алингвистикатә еилазаара алахәыла Зинаида Михаил-иҧҳа Габуниа лыҭҵаарадырратә лшамҭақәеи урҭ аҧсҭазаараҿы қәҿиарала рхархәареи рзы илыхҵоуп «Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Август 23 рзы Аҧснытәи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын еицырдыруа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уи иаҭааит аҧсуа ҵарауаа, аинтеллегенциа, аҟазара абзиабаҩцәа, аҿар.
Абар мышқәак роуп инхаз, иалагоит аҵарашықәс ҿыц. Раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп раҧхьатәи аҵәҵәабжьы. Сынтәатәи ашықәс азы 2452-ҩык ахәыҷқәа ршьаҿа еихыргоит адыррақәа рдунеи ашҟа. Аҧснытәи ашколқәа зегьы азхиоуп аҵаҩцәа рыдкылара.
Аԥсны аделегациа рылахәын Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьарақәа. Аԥсны аделегациа иалан Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ерик Рштуни, Баҭал Џьопуа, аиустициа аминистр Анри Барцыц.