Print this page

Аконкурс рылаҳәоуп

Жәабран 03, 2023 347

Аҧсны акультура аминистрра Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы аконкурс рыланаҳәеит зметраж кьаҿуи  адокументтәи фильмқәа раҧҵаразы. Абри акәын изызкыз акультура аминистрраҿы имҩаҧгаз апресс-конференциа. Аминистр Даур Ақаҩба иеиҧш, уи иалахәын акиностудиа «Аҧсуафильм» аиҳабы Виачеслав Аблоҭиа, асценарист Ҭемыр Кәакәасқьыр, Аҧсны аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емзар Ашуа.

Аҧхьатәи аетап азы имҩаҧгахо­ит аконкурс иалахәхо рарзаҳалқәа рыдкылара, аҩын­тәраан – инаргӡо аусумҭақәа ралҧшаара, ахынтәраан – аҩынтәраан иалҧшаахаз рыдкылара, аҧшьын­тәраан акәзар, аиааира згаз ашьа­қәы­ргылара, ахәбатәи аан имҩаҧысуеит иалкаахаз афильм аҭыхра. Арзаҳалқәа рыдыркылоит февраль ҩеижәи­быжьба рзынӡа, иалкаахо еилкаахоит маи жәаба рзы. Ихиоу афильм нагахароуп, егьдырбахоит сентиабр хәба рзы.

Зметраж кьаҿу афильмқәа рахьтә аҧхьатәи аҭыҧқәа ҩба аанызкыло равторцәа рыцҧхьаӡа  хышә нызқь мааҭ агрантқәа роуеит. Адоку­менттә фильм аҧҵаразы иалкаахо асценариа автор ҧшьышә нызқь мааҭ агрант инаҭоит Аҧсны аинва­лидцәа рфонд.

Аконкурс акомиссиа аилаза­араҿы иҟоуп: Даур Ақаҩба, Виачеслав Аблоҭиа, Ҭемыр Кәакәасқьыр, Дауҭ Логәуа, Емзар Ашуа, Занда Какалиа, Ибрагим Ҷкадуа, Ада Квираиа, Ирма Цәеиба.