Print this page

Апарламент ахь инаишьҭит

Цәыббра 23, 2025 97

Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәеи асоциалтә цхыраара рыҭаразы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны, аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Бадра Апарламент ахь инаишьҭит атәанчаҩцәа иалкаау ркатегориақәа ртәанчахәы ашьҭыхра иазку азакәан апроект.

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит есымзатәи атәанчаратә шәатәқәа рышәагаа 2000 мааҭ рыла ашьҭыхра абарҭ акатегориақәа рзы:

«Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ зыхҵоу атәанчаҩцәа;  

Леон иорден занашьоу;

 «Агәымшәаразы» амедаль занашьоу; Ари ауснагӡатә анагӡара иаҵанакуеит 2420-ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит мызкы 4 840 000 мааҭ, шықәсык — 58 080 000 мааҭ.

Иара убас иазԥхьагәаҭоуп есымзатәи атәанчаратә шәатәқәа рышәагаа 1000 мааҭ рыла ашьҭыхра абарҭ акатегориақәа рзы:

 – 1992- 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа I, II, III агәыԥ иаҵанакуа;

– 1992- 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рҭаацәа;

 – 1992- 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны ахәра зауны, иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу рҭаацәа;

– Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараан 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭаацәарақәа. Ари ауснагӡатә иаҵанакуеит 5010-ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит мызкы 5 010 000 мааҭ, шықәсык — 60 120 000 мааҭ.

Атәанчахәы ашьҭыхра иаҵанакуеит убасгьы аибашьратә хҭысқәа, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа раан, иара убас аибашьратә ааԥхьарақәа раан ааха, ахәра,  агра, мамзаргьы ачымазара зауз, арезервистцәа, аибашьратә хҭысқәа, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа, иара убас аибашьратә ааԥхьарақәа раан иҭахаз аус зуа арезервтә еилазаарақәа рҭаацәарақәа.  Иазгәаҭоу асоциалтә уснагӡатә иаҵанакуеит 338-ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит шықәсык 4 056 000 мааҭ.

 Аҳәынҭқарра Ахада иаԥшьгара иазԥхьагәанаҭоит убасгьы аррамаҵзурауаҩ иҭаацәа рахьтә аусура злымшо,  дҭахазар мамзаргьы иԥсҭазаара далҵзар аррамаҵзура данахысуаз, ма имаҵзураҟнытә ихы данақәиҭха ашьҭахь хымз ҵаанӡа ртәанчахәы аизырҳара.   Аҳәынҭқарра Ахада инаишьҭыз Азакәан апроект инақәыршәаны атәанчахәқәа рышьҭыхра иааизакны иаҵанакуеит 7 884 –ҩык ауаа.

Азакәанапроект анагӡаразы иаҭаху иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш мҽхакы иартәоит  10 269 200 мааҭ мызкы, 123 230 400 мааҭ шықәсык. Урҭ нагӡахоит Аҳәынҭқарра Атәанчаратә фонд ахарџьқәа рыла.

Иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент ахь иалаигалаз азакәанапроект ала иазԥхьагәаҭоуп хаҭалатәи атәанчахәы зауа атәылауаа ртәанчахәқәа рышьҭыхра. Азакәан апроект иаҵанакуеит уи зауа 106 - ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит шықәсык 1 378 000 мааҭ.