Print this page

Владимир Путин иааишьҭыз адныҳәалара

Жьҭаара 06, 2022 430

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ҩеижәижәба шықәса ахыҵра инамаданы Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит.

Ашәҟәы аҟны иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, ишәыдышәкыл Аҧсны амилаҭтә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш иазку аҧхара зҵоу адныҳәалара. Аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа ҿиоит аидгылареи астратегиатә ҟазшьа змоу аимабзиареи рышьаҭала. Агәрагара сымоуп ҳамчқәа еилаҵаны аконструктивтә ҟазшьа змоу ҩ-ганктәи аимадарақәа аҧхьаҟазы иҳарҕәҕәап ҳәа еишьцәоу ҩ-жәларык реинҭәыларазы, арегионтә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырҕәҕәара шьаҭас иҟаҵаны. Хаҭала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, Аҧсны жәлар зегьы – аҭынчреи аизҳазыҕьареи».