1998 шықәса – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, ажурналистика аҟәша санҭалаз ашықәс акәын. Усҟан, хаҭала издыруаз аҵарауаа, арҵаҩцәа ыҟан, аха исзымдыруаз еиҳан.
– Ҳмилаҭтә доуҳ ахыҵхырҭақәа ираԥхьагылоу агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аусзуҩцәеи сареи ҳамч-ҳалша еибыҭаны, иара анхацыркха аахыс иахықәкы хадаз —ҳажәлар рҿахәы аҳәара, уи амаҵ аура ҳалшоит ҳәа сгәыӷуеит, – иҳәоит Ахра Владимир-иԥа.
Ҳажәлар рҭоурых аҿы ирацәоуп арыцхәқәа. Иарбан аамҭазаалакгьы, аԥсуаа зықәшәазаалакгьы рыԥсадгьыл рыхьчон. Ианаҭахызгьы абџьар кны еиқәдырхон. Аӡәгьы иҿаԥхьа рхы ладмырҟәыцызт.
Арасаӡыхь ақыҭан, сара схаан аа-класск змаз школын иҟаз. Уи аҿаԥхьаҵәҟьа, амҩаду нымҩахыҵ дынхон Ламшьаҵә Багаҭелиа ҳәа нхаҩ бзиак. Ҳаҩнгьы дызбахьан, саби иареи пату еиқәырҵон.
Август 8 азы 16 шықәса ҵит «хәымштәи аибашьра» ҳәа изышьҭоу Аахыҵ-Уаԥстәылан аибашьра ианалагаз аҽны инаркны.
2008 шықәса август 8 ауха ҭынч, икахха ацәа иалаз Цхинвал ақалақь акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ала ахымца ажәырҵеит, гәҭакысгьы ирымаз ареспублика аццышәтәра акәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ҳажәлар иргаз Аиааира 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи раԥшьгарала иҭыжьуп ажәеинраалақәа реизга «Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа…»