Цәыббрамза 14-15 рзы Калининград ақалақь аҟны имҩаԥысуан зхы иақәиҭу Урыстәылазегьтәи  аицлабрақәа «Балтика Ахраҿа» зыхьӡыз.

Даниил дыхәмаруан зыкапантә категориа 65 кьыла рҟынӡа инаӡо, Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә биуџьеттә занааҭтә ҵараиурҭа «Олимпиатә резервтә школ №2 (атехникатә школ)» ахаҭарнакра азиуан.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит 300-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа Москвантәи, Калининградтәи Ленинградтәи аобластқәа, Смоленсктәи аобласт, Ставропольтәи атәылаҿацә, , Белгороди Нижгороди аобластқәа рҟынтә.

Аицлабра еиднакылеит 16-18 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа, иара убас алагарҭатә классқәа рҿы итәоу ашколхәыҷқәеи, 21 шықәса рҟынӡа зықәра неихьоу аспортсменцәеи.

Даниил зыҟаҵаҩс диман Адам Цәеиба.

Аманда Анталаа

Чхәарҭал ақыҭан

17 Цәыббра 2024 09:41

Агәыҳалалратә фонд «Аԥсны» Тҟәарчал араион Чхәарҭал ақыҭан    Ацқьа Гьаргь иныхабаа аиҭашьақәыргыларазы раԥхьатәи аԥарақәа лагала ҟанаҵеит. Иарбоу ахықәкқәа рзы 500 нызқь мааҭ ирҭеит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ахада Виссарион Аԥлиаа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа  Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аилатәара ихы алаирхәит. Уи   мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҟны.

Сентиабр 15 азы диижьҭеи 90 шықәса ҵит аҭоурыхҩҩы, археолог-кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гьаргь Кәыҷа-иԥа Шамба (15.09.1934 – 06.10.2006). Археолоиаҿы илагаламҭа, аамҭак иҳацану уи дшыргәалашәауа атәы далацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Николаи-иԥа Габелиа.

Ахрик Цәеиба имба

16 Цәыббра 2024 09:26

Дыҟамзар ҟалап, ахәыҷра ашықәсқәа раан агәарԥ аҿы, ма ашьац иаҵәа қашә-қашәо изқәиааз дәҳәыԥшк аҿы ампыл зшьапы ахьмыркьыскәа изызҳауаз. Ақәыԥшра зеиуахкы уҭаху ахәмаррақәа ацуп, аха зегьраԥхьа игылоуп ампыл кәымпыл. Уи зыркәымпылыз зегьы шьапылампыласҩцәахом, ахшыҩгьы, амаанагьы, маха-шьахала аӷәӷәарагьы аҭахуп.

Цәыббрамза 8 инаркны 14-нӡа Краснодар имҩаԥысуаз абокс азы аицлабрақәа рҟны 19-40 шықәса зхыҵуа рыбжьара аџьазтә ԥхьахә даԥсахеит Аԥснытәи аспортсмен Игорь Адлеиба.
Игорь дықәԥон зыкапантә категориа 71 кьыла иҟоу рыбжьара. Зыҟаҵаҩс диман Беслан Адлеиба.
Ачемпионат рхы рҽаладырхәит Урыстәыла арегионқәа 7 рҟынтәи 87-ҩык аспортсменцәа.


Аманда Анталаа

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me