«Саныхәыҷызгьы арҵаҩы изанааҭ алхны исыман, ахәыҷқәа еизганы, еидыртәаланы акы дсырҵарц, ирзеиҭасҳәарц салагон», – ҳаиҿцәажәара хацыркуа лажәа дналагеит акыр шықәсқәа инеиҧанкыланы алагарҭатә классқәа рҿы ахәыҷқәа аҵара дзырҵо, акыр абиҧарақәа еиҵазааӡахьоу, ззанааҭ иазҟазоу, ҭакҧхықәралагьы иазнеиуа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи абжьаратә школ арҵаҩы Светлана Ардашьыл-иҧҳа Кәарҷиа-ҧҳа.
Аибашьра аҧсуа жәлар ирнаҭаз ааха хашҭшьа змам, аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ируакуп. Иҟам аҧсуа ҭаацәарак уаҩҧсыла ари ахьаа зынмырыз. Ҩнаҭала изхьымсызгьы уалаҭахыла ргәы блит.
Ус иҟоуп ахақәиҭратә қәҧара, анцәа иаҳзишеит лассы-лассы ҳҭынчра аиқәырхаразы, атәра ҳҭамшәарцаз – иааҳарҧшлароуп ахамеигӡара!
Есышықәса жәабран ҩажәи хәба аҽны Кәтол ақыҭа уахьналало, иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟаҿы еизоит агәыҧ «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа. Абаҟа амҵан ишьҭарҵоит ашәҭқәа, иргәаладыршәоит иҭахаз рҩызцәа. Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаҧхьа иааҭгыланы ихырхәеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҧсны аибашьра ианалага аҽны амра каххаа иҧхон. Зегьы русқәа ирҿын. Аҟәа ақалақь аихамҩатә вокзал ааигәара инхоз, Владислав Аҩӡба игәылара зыҧсҭазаара иалҵыз аӡәы иҩынҩажәа мшы ыҟан. Агәылацәа амаҵ руан. Убри аамҭазы Даур Аҩӡба иан даалыдгылан, ҧшьаала ус леиҳәеит: «Абыржәы, абраҟа исаҳаит 70 танк Аҧсны иалалеит ҳәа!»
Абаҩхатәра злаз апоет Владимир Алеқсандр-иҧа Ахьиба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз Владимир Ахьиба диит 1938 ш. ианвар 23 рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыҧшь ақыҭан. Жәандәрыҧшьтәи ашкол аҟны 8 шықәса аҵара аниҵа, ажәбатәи акласс хиркәшеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1956 ш. Владимир Ахьиба дҭалоит Кьалашәыртәи (Аҟәа) ақыҭанхамҩатә техникум (ҩышықәса рышьҭахь Аҽгәараҟа (усҟан – Гал араион) ииаргоит). Атехникум далгоит 1961 шықәсазы.
Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, Қырҭтәыла ар шьаҭанкыла ҳақәхра гәҭакыс иҟаҵаны ианҳақәла, аҕа иқәцаразы, агәаҕьреи агәымшәареи аарҧшны абџьар шьҭызхыз аҭыҧҳацәа еиҿамсцәа иреиуоуп ҩыџьа аеҳәшьцәа: усҟан 16 шықәса зхыҵуаз Илонеи 17 шықәса ирҭагылаз Медеиеи Кәакәасқьыраа.