АХҬЫСҚӘА

Риҵатәи Амилаҭтә парк –30 шықәса

Риҵатәи-Ауадҳаратә ҳәырԥсарра еиҿкаан 1930- тәи ашықәсқәа раан. 1960- тәи ашықәсқәа рзы аҳәырԥсаррақәа зегьы Аԥсны аҩныҵҟа иҟаз аркын, аха ԥыҭрак ашьҭахь еиҭаартын, иара убри ашықәсқәа раан, Ԥицундатәи абнақәа (роща) Риҵатәи-Ауадҳаратәи аҳәырԥсарра иадырҵеит.

Асовет аамҭақәа раан Риҵатәи аҳәырԥсарра ирацәаны атуристцәеи асасцәеи аҭаауан, имҩаԥыргон аекскурсиақәа. Аха аҳәырԥсарра аҟны, ас еиԥш иҟаз аусурақәа рымҩаԥгарақәа ииашаӡамызт. Убри азы 1996 шықәсазы еиҿыркаауеит амилаҭтә парк. Иахьазы хықәкы хадас иҟоу ари апарк аҿы аландшафтқәа реиқәырхара, рыхьчара ауп. Араҟа иуԥылоит еиуеиԥшым аҵиаақәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа.

«Риҵатәи Амилаҭтә парк аҟны аус руеит 160 ҩык рҟынӡа. Сара сахьыҟоу аҟәшаҿы аус ҳуеит ԥшьҩык аҭҵаарадырратә усзуҩцәа, аӡәы алаборант. Сынтәа ҳара ҳнапы злаку анаука аҭҵаара иахыҵуеит 15 шықәса, уи зегь зызку аԥсаатәқәеи, аԥстәқәеи рыҭҵаара ауп.

Риҵатәи Амилаҭтә парк аҟны еизҳауа аҵиаақәа рхыԥхьаӡара наӡоит 1215 рҟынӡа. Иааидкыланы, Аԥсны аҩныҵҟа изызҳауа аҵиаақәа рхыԥхьаӡара наӡоит 1800 инарзынаԥшуа, арҭ реиԥш иҟоу аҵиаақәа Аԥсны ада адунеи аҿы џьаргьы иуԥылаӡом, убри азы ҳара уалны иҳадуп рыхьчара, дара аҵиаақәа мацара алкааны рыхьчара залшом, убри азы ихьчатәуп дара ахьеизҳауа аҭыԥқәа»,- лҳәеит анаука аҟәша аиҳабы Инга Ҭаниа.

Риҵатәи Амилаҭтә парк аусзуҩцәа имҩаԥыргалоит аныҟәарақәа, машьынала уахьзымнеиуа шьапыла, иара убас аверталиот рхы иадырхәоит. Иҟалалоит убарҭ аныҟәарақәа раан ианҭырҵауаа дара рзынгьы иҿыцу аҵиаақәа рыхкқәа, иҟоуп зынӡа иабжьаӡны иҟаз, аха анкьа зны изызҳауаз. Убарҭ аҵиаақәа ахьеизҳауаз аҭыԥқәа ҭахкааны аус рыдырулоит,  експеримент ҳасабла изхылаԥшуа аҵиаақәа рахьтә иҟоуп еиҭаҿиақәаз быжьшықәса рыҩныҵҟала .

«Даара ирацәоуп Амилаҭтә парк аҟны еизҳауа аҵиаақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иуԥылоит Аԥсны аҩныҵҟа ада, даҽаџьара имеизҳауа, урҭ лымкаала рхылаԥшра, реизҳашьа ацклаԥшра, роура, рыҭбаара, ирҿало ашәҭқәа рыҭҵаара ахәшьара аҭара, ирԥырхагоу, мамзаргьы ирыхуо. Иаҳҳәап, абыржәы зыҭҵаара ҳаҿу аҵиаа «водосбор гегский» Аԥсны мацара ауп иахьеизҳауа, иара убас амилаҭтә парк аҟны мацара. Ари аҵиаа иԥшааит  аҵарауаҩ Альфред Алексеи-иԥа Колоковски. Еиҭах иԥшаан ҩҭыԥк рҟн. Абарҭ зегьы ааидкыланы 69 ҵиаа ыҟоуп. Арҭ аҵиаақәа зегьы ҭаҳҵаауеит, ҳархылаԥшуеит, иҳаԥхьаӡоит ҩышықәса рыҩныҵҟа иацлама, мамзаргьы иагхама, урҭ рыхьчаразы иҭахкааны ԥырхага рмоуа иҟаҳҵоит»,- лҳәеит аҵарауаҩ.

Аԥсны аҩныҵҟа, иара убас Риҵатәи Амилаҭтә парк аҟны ада аламала имеизҳауа  аҵиаақәа рхыԥхьаӡараҿы иуԥылоит «водосбор гегский», «чабер бзыбский», «лабчадка Камиллы», уи аҵиаа «Юпшарский коньон» аҟны ауп иахьеизҳауа. Раԥхьаӡа акәны, ари еиԥш аҵиаа ԥшаан Альфред Алексеи-иԥа Колоковски ила аӡиас Хыԥсҭа. Аҵиаа «Колокольчик породаксальный» Аԥсны ада уаҳа џьаргьы иуԥылаӡом, «Колокольчик мирабелес» аҵарауаҩ Николаи Михаил-иԥа Альбов иԥшааит, иара убас Шәачатәи амилаҭтә парк аҟынгьы иуԥылоит.

Шамахамзар, иуԥымло  аҵиаақәа, шыԥшааз, изыԥшааз, реизҳашьа, шаҟа шықәса рхыҵуа, реиԥшымзаара зну Инга Ҭаниа лыстатиақәа ааигәа иҭыҵраны иҟоуп.

«Аԥсны иуԥылоит убри аҩыза аҵиаақәа, адунеи аҿы ибжьаӡхьоу, асиа ианыху. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, ҳара ҳҵарауаа рыла иԥшааз аҵиаа «Колокольчик древний», «Юпшарский коньон» азааигәара, иара аҵиаа аԥшааразы ҳазыԥшын аӡқәа зегьы анҭабо ҳәа, иагьаҳаԥшааит ишәҭны ианыҟаз, сынтәа аӡы ҭамбаӡеит, аха егьа иаҳцәыцәгьахазаргьы, аҵиаа ахьеизҳауаз аҟынӡа ҳнаӡеит, аха ишәҭны иҟаӡамызт»,- лҳәеит уи.

Риҵатәи Амилаҭтә парк, Кәыдрытәи аиҩхааҿы изызҳауа аҵиаақәа еиҿурԥшуазар, хыԥхьаӡарала амилаҭтә парк аҟны еизҳауа еиҳауп.

Абар жәашықәса ҵуеит  Аԥсны ашколқәа, еиҳарак Гудоуҭатәи ашколқәа рҿы есымчыбжьа, аметодист хада Анжела Хьырсон-иԥҳа Цәышба имҩаԥылгоижьҭеи алекциақәа. Иара убас есышықәса аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа раан ахәыҷқәа рзы  еҿыркаауеит  алагерқәа, аҵиаақәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа уҳәа ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәоит ишҭырҵаауа. Имҩаԥыргоит еиуеиԥшым акциақәа, иаҳҳәап: ақалақь ацқьара, аҵиаақәа рымш, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рымш, ахәыҷқәа ас еиԥш иҟоу амҩаԥгатәқәа даара гәахәарыла ирыдыркылоит. 

Ноиабр 20 рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә амилаҭтә парк иазгәанаҭоит 30 шықәса ахыҵра иазку аиубилеи. Аныҳәа иалахуп Крым, Уфа, Владикавказ, Нальчик, Шәачантә уҳәа асасцәа.

Ирзеиӷьаҳшьап ақәҿиарақәеи аизҳарақәеи даара аинтерес зҵоу рус аҿы.

Марҭа Гәарамиа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image