18 шықәса ҵуеит Рустам Ҵәыџьба арра аус аҿы дыҟоижьҭеи. Аханатә – артиллериатә хәҭаҿы, уажәы Атәылахьчара аминистрра арратә комиссар ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп.
Аполковник еиҵбы ичын змоу, уи адагьы 10-тәи ашкол аҿы арратә азыҟаҵара дирҵоит ахәыҷқәа. Ишԥаҟалеи Рустам арра аус ихы азикыртә еиԥш, иара ихала дзызнеиз акоума, арҵаҩра игәазырԥхазеи, насгьы апатриоттә ааӡара иара изы изакәызеи?
Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 34 шықәса ҵит. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Ари арыцхә — Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп, Аԥсны ар реиҿкаара иамшуп. Аруаҩ иакәзар, аԥсадгьыл ахьчаҩ, уахгьы-ҽынгьы абџьар аҵагылара иазыхиоу уаҩуп.
Рустам Ҵәыџьбеи сареи ҳаиқәшәеит Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуаз роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь. Иара, егьырҭ аруаа реиԥш, урҭ дрылахәын. Рустам ашкол аҿы иусуреи акомиссариат аҿы аусуреи еилаигӡоит. Иаарласны аррамаҵзурахьы ааԥхьаразы аусурақәа ирылагоит, усҟангьы, дшеилахогьы, ахәыҷқәа рҿы аусура аанижьуам, иус ахь имоу абзиабара, агәыбылра диркуеит, иара ианаамҭаз арра аус шинырыз еиԥш.
Рустам иаб Зураб Ҵәыџьба дҭахеит Аџьынџьтәылатәи еибашьраан, 1993 ш. ииуль 4 рзы, Тамшь адесант аныӡхыҵуаз. Аҷкәын иаб дигәалашәаӡом, дхәыҷӡан зынӡа, аха ихы ааидыруеижьҭеи иаҳауан аибашьра ахҭысқәа, иаб иҭоурых.
Рустам ажәабатәи акласс аҿы дыштәаз агронџьныртә факультет атехнолог изанааҭ ала ауниверситет аҭаларазы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит. Арра аганахь дцоит ҳәа игәы иагьҭамызт, аха ашкол алгара аамҭа анааи ихырхарҭа иԥсахит.
«Ашкол аҟынтә Атәылахьчара аминистрра азааигәара иҟоу арратә ҵараиурҭахь ҳаргеит аҽазыҟаҵара ҳәа. Аруаа аформа рышәҵаны санрыхәаԥш, исгәаԥхеит. Мызкы аанхон ашкол алгаразы, сҭаацәа ирасҳәеит арра аус шысҭаху атәы. Саб ишьҭахь саб иашьа иакәын еиҳабыс иҳамаз, ҳамҩақәызҵоз, исцәыуадаҩхеит иаҳәара, азыҟаҵаразы ахарџь иршәаз еилысымкаауаз. Снаиртәан исеиҳәеит, зегьы зыҟаиҵоз сара сзы шакәыз, арра уҭахызар, уахь уаҳмышьҭуеи иҳәеит. Август азы аҽазыҟаҵарақәа ҳаман. Иулшар уцеит, иамур – ауниверситет ахь. Абас еибаҳҳәеит. Зегьы сылшеит», - еиҭеиҳәоит Рустам.
Иара 2023 шықәса рзы Михаиловсктәи артиллериатә академиаҿы иԥышәа еизырҳаны, ҩышықәса амагистратураҿы аҵара далганы Аԥсныҟа дхынҳәуеит.
«Ахәыҷы ашкол даналго дзыххәыцуа иҭаацәа иарҳәо ауп. Иара макьана еилкааны имаӡам дзакәхарц ииҭаху, аха ихаҭа имҩа аналихуа, иԥсҭазаараҿы еиҳа ибзиахоит. Иҟоуп ахәыҷқәа – рҵара иалган иааит, аха уи аганахьала аусура рҭахӡам, избанзар уи алызхыз ани аби роуп. Сара 17 шықәса схыҵуан, арра аус анызба исгәаԥхеит, нас мап сцәырымкӡеит. 18 шықәса иалагӡаны избаз рацәоуп, имариаӡам, зны ацәгьара ҳақәшәоит, зны аиашамра, аха зегьы ирыцкуп ачҳара», - иҳәоит Рустам.
Аруаҩ раԥхьатәи иҽазыҟаҵарақәа аамҭа игәаларшәауа иазгәеиҭоит, уи амза зегь реиҳа ишицәыцәгьаз.
«Мызкы иҳамаз аҽазыҟаҵарақәа раан зегьы марианы имцаӡеит, ус цашьагьы амамызт. Аҩра, аԥара адагьы, иануқәыӷәӷәо иаарԥштәуп ачҳара. Ҳаннеи зегьы ҳзеибадырӡомызт, аха сара иаҳа исзымариахеит, избанзар хәыҷык сашьцылан сыҟан. Ақыҭаҿы аџьабаа ҳбон, алаҵара, арашәара, уи акәын ҳазҿыз. Ҳара ус ҳрааӡеит Ҷлоу. Ахақәиҭра иашьцылаз ахәыҷқәа наганы рҭаацәа ианаанрыжь, ирцәымыӷхеит. Ахра Ҵәыџьба 16 шықәса ихыҵуан, дсеиҵбуп, ицхраатәуп ҳәа схы иадысҵеит. Ашкол сзылгаз аҟынтә издырқәоз аҷкәынцәагьы уа исықәшәеит. Ҳхы анеидаҳкыла, иаҳзымариахеит. Ашьыжь асааҭ фба рзы агылара ҳцәыцәгьан, аха исгәаԥхон ҳазҿыз. Зегьы сылшома, исзычҳауама мызкы ҳәа схы сазҵаауан. Саб иашьа иаԥхьагьы сыԥхашьар ҟаломызт. Уигьы сазхәыцуан», - еиҭеиҳәоит Рустам.
Иара иахьагьы иалихыз амҩа дахьхәны ҳәа иҟамлацт, убысҟак бзиа ибоит иус.
«Сара ҟазшьалагьы ус сыҟоуп, исҭахны сызлаго, аҵыхәтәынынӡа инасыгӡоит, ахьҭа сфаргьы, аӡыршы сӡаагылазаргьы. Аамҭа аныцәгьаз, иаансыжьыр ауан, аха наҟ салгандаз сазҿу ҳәа сымҳәацт. Ҩышықәса аанхеит атәанчара аҟынӡа, аха макьана еиҭа исылшоны избоит. Сара сеиҳабацәа исдырҵаз, аҿар ирызназгартә еиԥш сыҟоуп», - иҳәоит аруаҩ.
Даҽа ганкахьалагьы Рустам иҳәоит, аибашьра хаҭала иахьинырыз, иԥсҭазаараҿы дызнылаз амҩа ишадҳәалоугьы. Иаб Очамчыра АТП аҿы аус иуан. Уаантә иҭахаз аҷкәынцәа ргәалашәара аҳаҭыраз абаҟа анаадыртуаз, ҭаацәала зегьы ааԥхьара рыман. Рустам ибзианы игәалашәоит уи амш. Ақыҭаҿы акәзар, ҭаацәаныла ианеизоз, иаб иеибашьышьа, иҭоурых лассы-лассы иаҳауан. Абри зегьы ахәыҷы иныруан. Рустам иҳәоит, уажәы аҿар еизҳауа ҽакала ишхәыцуа, арра аус ргәы-рхы аҟынӡа анагаразы даҽа знеишьақәак шаҭаху. Иара игәаанагарала, аруаҩ истатус иаҳа ишьҭыхтәуп. Аррамаҵзураҿы аус зуа ӡыргалатәуп, рыӡбахә ҳәалатәуп.
«Аибашьра ашьҭахь исгәалшәоит, ԥыҭк ааҵуаны арра маҭәа ишәҵаны аӡәы данаҳбалак, уи ҳара ҳзы акраҵакуан, даҽакала ҳизнеиуан. Аиҳабацәагьы ус акәын. Иахьа аныҳәақәа анҳамоу ауп аруаҩ данӡырырго, нас дырхашҭуеит», - иҳәоит Рустам.
Иара артиллериатә гәыԥ аҿы дшыҟаз ауп ашкол ахь дшақәшәазгьы. Уи шыҟалаз атәы игәалашәауа Рустам иҳәоит, шықәсык ҳәа инеиз, иахьагьы рҵаҩыс аус шиуа.
«Очамчыра имҩаԥыргон арра-спорттә хәмарра «Аиааира». Убысҟан араион аҟынтә ахәыҷқәа ишахәҭаз рхы рзаамырԥшит, избан ҳәа аҭҵаара ҳаналага, арратә ҽазыҟаҵаразы арҵаҩцәа азхаӡом рҳәеит. Адҵа ҟалан, 4-5-ҩык афицарцәа ҳрышьҭит ашкол ахь, уаҟа аусура ҳалагарцаз. Сара Очамчыра ақалақьтә школ сақәшәеит, Ҭемыр Гындиа директорс даман. Аколлектив сыздыруамызт, ахәыҷқәа аус шрыдулатәу сыздыруамызт, аԥхьа исцәыцәгьан, аиашазы. Аха, адиректор ибзоурала, убасҟак исгәаԥхеит, убас срышьцылеит зегьы, шықәсык аҭыԥан ԥшьышықәса уа аус зуан. Аҟәантә сцаны аус уны саауан, Урыстәылаҟа сцаанӡа. Уахь сымцазҭгьы иахьагьы ашкол аҿы сыҟазаарын», - еиҭеиҳәоит Рустам.
Иара Москва иҵара аныхиркәша аштаб хадаҿы аус иуан. Уаантә арратә комиссариат ахь диаргеит. Уи аамҭазы еиҭа ашкол аҿы шықәсык ҳәа аусура идыргалеит. Абар, шьҭа ҩышықәсоуп 10-тәи ашкол аҿы дыҟоижьҭеи.
Иара иҵаҩцәа рыбжьара иҟоуп арратә ҵараиурҭа иалганы аусура иалагахьоу. Уи адагьы, ахәыҷқәа данырбалак, иҭабуп ҳәа иарҳәоит, иара ирызнаигаз аԥышәазы. «Ус еиԥш иануаҳалак, уџьабаагьы ухашҭуеит», - иҳәоит Рустам.
Арра ауаҩы даԥсахуеит, дыџьбараны дҟанаҵоит. Аруаҩ аформа ишәымзаргьы, афицар ихымҩаԥгашьала дудыруеит. Рустам ихаҭа иус дшаԥсахыз атәы аҳәара ицәыцәгьоуп, аха ибаратәы дыҟоуп шықәсыки бжаки ирылагӡаны арра иахысуа ауаҩы иҽшеиҭеикуа.
«Анкьа ирҳәон, арра зхызгахьоу изы ари шьҭа дхаҵахеит ҳәа, уи ус иагьыҟоуп. Арра данцалак аҷкәын, иусқәа ихаҭа рыӡбара далагоит. Насгьы, дызлоу аколлектив дааӡоит. Араҟа ирылаҳааӡоит аҟазшьақәагьы - арыцҳашьара, аихаҵгылара, ацхыраара. Абнахь ҳанцалак, жәамш уа ҳанаанхалак, ҽакала ухы мҩаԥуго уалагоит. Аҷкәын абџьар акышьа аниҵалак, иаҳа ихы дақәгәыӷуа, иҩызцәа имырԥхашьартә еиԥш дҟалоит. Имариам, арра мариаӡам, аха ауаҩы иаҳа дҭышәынтәаланы дҟанаҵоит», - иҳәоит Рустам.
Ажәытәан еиԥш, иара изгьы, арра имцац ауаҩы грак имоуп ҳәа ишьоит. Рустам игәаанагарала, арра ахысра Аԥсны иуадаҩӡам, араҟа иаҭаху агәаԥхара мацароуп.
Альбина Жьиба

