Иқәлацәа атуризми абизнеси уҳәа иахьынӡаоылацәажәо, 25 шықәса зхыҵуа аҭҵаарадырратә усзуҩы Гьаргь Чачба иҭиҵаауеит, бжеиҳан ҳаззымхәыцуа есыҽны ҳшьапаҵаҟа иҟоу, аԥслымшәқәа.
Аҵарауаҩ қәыԥш, аԥслымшә абзиабаҩ. Аҭҵаарадырра амш азы ҳиҿцәажәеит еилаҳкаарцаз, аԥслымшә аҭҵаара, заҭаху анаукахь ацара игәазырԥхаз, насгьы иҩызцәеи иҭаацәеи уи шрыдыркылаз.
Гьаргь Чачба Аԥсны иҟоу ԥшьышәҩык аҭҵаарадырыҩцәа дыруаӡәкуп. Иара Аботаникатә институт даспирантуп. Оқәым аӡиас иаԥну аҭыԥқәа рҿы еизҳауа аԥслымшәқәа ҭиҵаауеит. Идиссертациатә усумҭа иахьӡуп «Оқәым аӡиас иаҵанакуа аԥслымшәқәа».
Аҵарауаҩ қәыԥш макьаназ аԥслымшәқәа еизигоит, анаҩс ауп дара аԥсабараҿы инарыгӡо ароль аҭҵаара даналаго.
«Жәабран мзазы еизызгеит 60 хкы. Ашьҭахь сышьҭын Санкт-Петербургҟа, Урыстәыла аҭҵаарадырратә Академиа иатәу Аботаникатә институт ахь. Снапхгаҩы Лиудмила Гагарина аԥслымшәқәа рыҭҵаашьа аус слырҵон. 60 цыра иеизызгаз рҟынтә аԥслымшәқәа рыхкқәа ҳәа иалкаан 14. Урҭ рахьынтә ҩба иаҳаԥшааз Аԥсназы иҿыцқәан», - еиҭеиҳәоит Гьаргь.
Иара уи адагьы ари аԥхынраз еиҭа еизган аматериал, макьана зыҭҵаара иаҿу. Иҟалап, уаҟагьы иалкаахар ҳаԥсабаразы иҿыцу ахкқәа.
«Аԥслымшә еизаҳгоит заанаҵы иазалхны иҳамоу амаршрут ала. Иазгәаҭаны иҳамоу аҭыԥқәа - еиҳарак аԥслымшәқәа рацәаны еихьеизҳауа ауп. Ахкы ақьаад илаҳәаны, иахьеизаҳгаз аҭыԥи амши азгәаҭаны, ҳшәыра иҭаҳҵоит», - еиҭеиҳәоит Гьаргь аекспедициақәа шымҩаԥысуа атәы ҳаилыркаауа.
Аԥслымшә еизҳауеит зегьынџьара, амшын аҿықә инаркны ашьханӡа. Аҵарауаҩ аинтерс имоуп, иара дахьиз Тҟәарчал араион аҿы, дара ҷыдарас ирымоу атәы аилкаара.
«Аԥслымшә ҩ-цәеижьк рыла ишьақәгылоуп, акәыкәбаақәеи аӡҵиаақәеи рыла, егьырҭ иара агәыԥ ахь иаҵанакуа иреиԥшӡам. Дара еинаалоит, рыҩхкык инарыгӡоит рхатә функциа. Аԥслымшәқәа рыла игәауҭар алшоит аԥсабара аҭагылазаашьа. ахьеизҳауа - аҳауа цқьоуп. Иҟоуп аԥслымшә хкқәа, аԥсабаразы зыхә ҳаракны ишьатәу, иаҳҳәап, «лобариа легочная» ҳәа изышьҭоу. Иара ахьыҟоу абна, иҷыдоу бноуп, ихьчатәу ҭыԥны иалкаатәуп. Уи ахьеизҳауа аҭыԥ, ауаҩы инапы ахьымнеиц ҳәа иԥхьаӡоуп», - иҳаилиркаауеит Гьаргь.
Аԥслымшәқәа аԥсуа наукаҿы иҭырҵаауан археолог Иури Воронов, еицырдыруа асоветтә ҵарауаҩ Всеволод Савич. Еиҳарак аҵарауаа аус руан Риҵатәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи, Кәыдрытәи аҳәырԥсаррақәа рҿы. Иахьа Гьаргь Чачба ида Аԥсны аԥслымшәқәа аӡәгьы иҭиҵааӡом. Уи адагьы иҳәатәуп, аԥслымшәқәа рфлора Аԥсны ибзианы ишыҭҵаам. Иахьатәи адыррақәа рыла Аԥсны аԥслымшәқәа 1000 хкы инареиҳауп. Гьаргь ибзоурала асиа акьыԥхь азырхиара азгәаҭоуп.
Аҵарауаҩ қәыԥш иусурҭатә уадаҿы еизганы имаз аԥслымшә хкқәа цәырганы иаҳирбеит. Дара зегьы пату ақәҵаны аконверт иҭаҵаны, еиқәҷабны икәалаԥ иҭан. Иџьашьатәуп, зынӡагьы ублаҿ имааиуа иӷраӡа аҵлақәа, ма ахаҳәқәа ирықәиаауа аԥслымшәқәа аԥсабара ацқьара шырныруа. Аҳауа ҟьашьызар, иӡуеит. Аԥсны урҭ рхыԥхьаӡара ахьырацәоу, ахкқәа рылагьы иахьбеиоу ҳтәыла аԥсабара азҩыдара иадыргоуп.
Гьаргь еилаҳәарак аартны аԥслымшә наганы астереоскопиатә микроскоп инаҵеиҵеит, нас, аӡҩага ақәҭәаны днахәаԥшит. «Аԥслымшә аҽшеиҭанакыз ала иубоит, иҿиараны иҟоу ацәеижьқәа шалоу, уи иаанаго, иҭаҳҵаауа ацыра, ашәарҭара иҭагылаӡам ауп», - иаҳзеиҭеиҳәоит Гьаргь.
Абысҟак зхы азышьҭны зус иаҿу аҵарауаҩ изы аҭҵаарадырраҿы зынӡа дқәыԥшуп. Избан, иугәазырԥхазеи анаукахь аҽазкра ҳәа ҳаниазҵаа, дхәыҷы аахыс аартрақәа дышрызҿлымҳау ҳаиҳәеит.
«Еснагь акы ҭысҵаауан, бзиа избон уи аус. Ауаҩы изы ихәарҭоу аартрак ҟасҵарц сҭахуп. Сҩызцәа абиологиа ззымдыруа сызҿу атәы анырзеиҭасҳәалак, шьоукы сеилыркаауеит, шьоукы – мап», - иҳәоит Гьаргь.
Иара игәаанагарала Аԥсны аҭҵаарадырра аҽазкразы иҟоуп алшара бзиақәа. Иҭуҵаашагьы рацәоуп, аԥсабара беиоуп.
«Аартра аганахьала иҟаҳҵахьоу - ари раԥхьатәи ашьаҿақәа роуп. Уажәы иҭаҳҵаауа аматериал ахьынтә иҿыцу ахкы алашәаргьы ҟалоит. Исҭахуп, исырҳаз адыррақәа зегьы анаҩс астудентцәеи, ашколхәыҷқәеи ирызназгаларц», - иазгәаиҭоит аԥслымшәҭҵааҩы.
Гьаргь Чачба Аботаникатә институт аҿы адагьы абиологиа арҵаҩыс аус иуеит Аҟәарчаԥантәи, Чхәарҭалтәи ашколқәа рҿы.
«Ауаҩы дҵарауаҩхарц иҭахызар, ус иагьыҟалоит. Ашкол аҿы иҟоуп аҭҵаарадыррахь ицарц зҭаху, ахәыҷқәа, иҵаауеит, ишԥашьақәгылоу аҵара. Уи аинтерес рзаҵоуп. Аҭҵаарадырраҿы аартра дуқәа аӡә имацара изыҟаҵаӡом», - иазгәеиҭеит Гьаргь.
Аҵарауаҩ қәыԥш дгәыӷуеит, иара далашыҩкны иҭиҵаауа аԥслымшәқәа анаҩс иҭызҵаашагьы дҟалап ҳәа. Абас, маҷ-маҷла зыдгьыл гәакьа ҭызҵаауа уанрықәшәалак, еилукаауеит, анаука аганахьала Аԥсны ӡырызгаша шыҟоу.
Альбина Жьиба

