Зажәеи зашәеи еинаало

13 Хәажәкыр 2024 13:46
Абаҩхатәра злоу аестрадатә шәаҳәаҩы Џьими Шәманиа ирҿиара бзиа избо, инаигӡо ашәақәа згәаԥхо, ҷыдала ихьӡ гәцаразкуа азыӡырҩцәеи ахәаԥшцәеи маҷҩым.

Иуа Коҕониа – 120 ш.

13 Хәажәкыр 2024 12:53
Март 13, 1904 ш. рзы диит аханатә аахыс ҕәҕәалаӡа аҧсуа поезиа аҭоурых зыхьӡ ҧшьа адҳәалоу, ҳмилаҭтә сахьажәаҟны аеҵәа еиҧш даацәырҵны имҩасыз Иуа Абас-иҧа Коҕониа. Уажәгьы уашьҭангьы ажәлар рҿы кашәара ақәым апоет Иуа Коҕониа ихьӡ. Ииашахеит иара иажәақәа, «аҳы, сышәҟәы, уҧырла, тәамҩахә умамкәа уцала!..» ҳәа ииҳәаз. Иуа иаҳзынижьыз аҩымҭақәа – ахақәиҭразы зеиҕьаҭам ашәақәа, алирикатә жәеинраала ссирқәа, аепикатә жәабжь дуқәа бызшәа ҧшӡала…
«Ақырҭуа ҳәа атәылауаҩшәҟәы сымоуп, аха гәыла-ҧсыла саҧсыуоуп. Сашьцәа сшәывагыланы аҕацәа срабашьуеит». Арҭ ажәақәа итәуп Аҧсны Афырхаҵа, ҩажәи жәохә шықәса дшырҭагылаз аибашьра адәаҿы зыҧсҭазаара ҿахҵәаз, Чанта ҳәа ахьыӡшьара змаз, Заур Мамиа-иҧа Ҷантуриа.

Зыхьӡ еицамкуа

12 Хәажәкыр 2024 09:30
Март жәеиза рзы Гәдоуҭа, араион Акультуратә хан аҟны имҩаҧысит абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 ш. октиабр жәба рзы хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы.
Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аԥсуа жәлар рмузыка-арҳәагақәа роркестрқәа XIII рреспубликатә фестиваль «Аԥхьарца». Уи азкын еицырдыруа аҟазараҭҵааҩы Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа игәалашәара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me