Аиааирахь амҩа даараӡа иуадаҩын, аҧсҭбара дуқәа ацын, аха ҳҵеи ду, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагыла, ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәҭакы анагӡараҿы, ахақәиҭра аагараҿы хьаҵра аазмырҧшуаз, Ҳаҧсадгьыл аҧышәара дуӡӡақәа ирылигеит.