Атлетика лас азы

14 Жьҭаара 2024 07:14
Пицунда имҩаԥысит аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡнытә аԥхьахә иаԥсахахьаз Саида Гәынба лгәалашәара ахьӡала, атлетика лас азы иаарту ареспубликатә турнир. Уи рхы аладырхәит ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гал, Гәдоуҭа рҟнытә 2007 ш. рзы ииз, иреиҳабацәами, 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз иреиҵбацәами 70-ҩык рҟынӡа аспортсментцәа.
Ауаҩытәыҩса иеилкаара изҭамыкӡо, аарлаҳәа ажәҩан иаҵубаауа аеҵәа аҟара ихароу аиаша, ҳныха ԥшьақәеи ҳшәаԥыџьаԥи зшаҳаҭу, ажәала еиҭаҳәашьа змам, зыбла иамбаз изхамҵо, агәышьҭыхраз мацара ирҳәо афырхаҵара инадҳәало иузеиҭаҳәашам иаалырҟьан ҳажәлар ирзыҟалаз атрагедиа ду, аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны ҳажәлар ирылдыршаз.

Аиҩызара ҳәаа амаӡам

11 Жьҭаара 2024 08:01
Аҟазара адунеиаҿы ажәларқәа еидызкыло ахьтәы цҳа иаҩызоуп.Абар жәашықәса ҵуеит Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи жәларбжьаратәи ашәаҳәаҩцәа рфестиваль. Уи еиҿкаауп Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр абзоурала. Анапхгаҩы Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Нури Ермеи-иԥа Кәарҷиа.
Иниакәкәа ицеит ҩажәи жәеиза шықәса. Ԥсҭазаарак зҭаугӡаша ари аамҭа, аибашьра зхызгаз, аибашьра ашьҭахьгьы ихьанҭаз аамҭақәа ирхысыз, иахьа аҿиара амҩа иану иқәыԥшу аҳәынҭқарразы қәра дуӡам аихшьаалақәеи алкаақәеи рыҟаҵаразы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иахаану зегьы ҳаԥсҭазаара уаанӡеи уи ашьҭахьи ҳәа еиҟәызшаз аибашьра хлымӡаах, иагьа аамҭақәа царгьы ҳгәалашәарақәа ирнымҵуа акәны иаанхоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекеи ргриф ала Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аиубилеи аҳаҭыр азы ааигәа иҭыжьуп «Абиблиографиатә рбага». Д.И. Гәлиа ииубилеи инамаданы иҭыжьу ашәҟәы аҟны еидкылоуп уаанӡа хазы шәҟәқәаны иҭыҵхьаз исахьаркыратә ҩымҭақәеи ажурналқәеи, агазеҭқәеи, аизгақәеи ирнылахьоу ипублицистикатә статиақәеи рбиблиографиатә рбага. Уи еиқәыршәоуп аԥсышәалеи урысшәалеи.Аҭыжьымҭа еиқәдыршәеит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me