Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин идиныҳәалеит жәлар ракзаара Амш.

35 шықәса уажәаԥхьа

01 Абҵара 2024 07:18
35 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 25, 1989 шықәса рзы ҩ-бызшәак рыла, аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҭыҵуа иалагеит Аԥсны Жәлар Рфорум агазеҭқәа – «Аидгылара», «Единение». Агазеҭ «Аидгылара» аредактор хадас дҟалеит Геннади Аламиа, агазеҭ «Единение» аредактор хадас – Николаи Џьонуа.
Октиабр 20 азы еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҩҩы, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа диижьҭеи 108 шықәса ҵит. Ахәшьара аҭара уадаҩуп Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи рганахьала Шьалуа Денис-иԥа илшамҭа.
Жьҭаарамза 25 рзы Аԥсны раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа Рымш. Ари аныҳәа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ила ишьақәырӷәӷәоуп.
Жьҭаарамза 28 азы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы ақалақьқәеи, араионқәеи, ареспублика алицеи-интернатқәеи аматематикеи афизикеи рырҵаҩцәа рзы аҵарадырра аизырҳаратә курсқәа мҩаԥысит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me