Ақәԥаразы аспорт азҟаза, ԥшьынтәны Адунеи иачемпионхахьаз, Бесик Кудухов игәалашәара иазкны абҵарамза 30 рзы ақалақь Цхьынвал аспорттә хан «Олимп» аҟны имҩаԥысит иаарту турнир. Аспорт иазҟазаз Бесик Кудухов 2003 шықәсазы акурсантцәа рыбжьара Европа ачемпионат аҿы аиааира игеит. 2005 шықәсазы Урыстәыла еизгоу акоманда далалеит. 2006 шықәсазы Урыстәыла ачемпионат ихы алаирхәит, уаҟа араӡны медал даԥсахеит. 2007 шықәсазы ақәԥаразы Адунеи ачемпионат аҿы ахьтәы медалқәа иоуит.…
«Арбаӷь ҟаԥшь» Ааигәа аԥхьаҩцәа ироуит Д. И. Гәлиеи Т. Шь. Аџьбеи рхьӡқәа зху Аҳәынҭқарратә премиақәа занашьоу, алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәа ирызку иажәабжьқәа реизга «Арбаӷь ҟаԥшь». Ашәҟәы аҭыжьра алыршахеит агәыҳалалратә Фонд «Амшра» иҟанаҵаз адгылара иабзоураны. Аизга еиднакылоит ажәабжьқәа жәба: «Ардәына», «Иацтәи амш абжьы», «Алиқә», «Арбаӷь ҟаԥшь», «Ҵис аҿы аӡәӡәоит», «Агәы абжьы», «Асас», «Забацәа рыгәнаҳа иаҵоу», «Ахьшь».…

«Акакаҷ» ахацыркра

09 Ԥхынкәын 2024 08:12
Ааигәа агалереиа «Ауада» аҟны имҩаԥган «Акакаҷ» захьӡу, итрадициатәу, ижәытәӡатәиу аԥсуа-адыга хьиратә лыхымҭақәа рӡыргара иазкыз аусумҭақәа рцәыргақәҵа.Ари амилаҭтә напҟазара акыршықәсқәа раԥхьа аҿиареи ахархәареи аман ҳтәылаҿы, аха, рыцҳарас иҟалаз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ҳара ҳҿы еиқәымхеит, амала мшын нырцә амҳаџьырра иагаз ҳџьынџьуаа рҿы еиқәхеит. Анапҟазара аԥсуа-адыга жәларқәа ишаҳтәыз дырзомызт ахархәара азҭоз. Ҳџьынџьуаа Есен Кәыџбеи Бехиџье Баӷбеи рыбзоурала ҩаԥхьа аԥсҭазаара аиуит, ихацыркхеит аханатә аҿиара…
Аԥсны анапхгара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит аҵарадырра асистема аҿиареи абызшәа аиқәырхареи. Ари аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика иахьаҵанакуа аҵараиурҭақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи ирыдҳәалоу аусурақәа маҷымкәа имҩаԥысуеит. Урҭ аобиектқәа ируаку акы акәны иҟалеит 1992 шықәсазы зусура нкылаз Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла аҿы игылоу ашкол ахыбра. Аҳаблаҿы инхо ауааԥсыра акыр шықәса ҵуеит аԥсуа школ хымԥадатәиуп ҳәа азҵаара шьҭырхуеижьҭеи. Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҿы аԥсуа…
Амаҵзура аиубилеи аҳаҭыраз инашьҭын адныҳәаларақәа жәпакы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаҟан ҳаргьы, амедиагәыԥ «Аԥснымедиа».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me