Ахьыбҿар – аҵарахь!

06 Цәыббра 2022 11:04
Ихацыркуп аҵарашықәс, сентиабр акы ныҳәа лашоуп аҵарадыррахь зшьаҿа еихызго ахьыбҿар рзы. Иззымдыруада, ари амш шаҟа гәыхыҭхыҭра ацу раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго актәи аклассаа рзы. Шьыжьнаҵы ҳақалақь Аҟәа ашколқәа ҽаамҭанык еиҧшымкәа, алахҿыхреи аҧшӡареи рнубаауан.
Дыҟамзар ҟалап, ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа иаҭааз сасык абри Анцәа иҭыҧ ҳбаҳча ссир – аботаникатә баҳча зымбакәа ицахьоу. Уи ашҭа ушьапы шынҭаургылалакь аҧсабара аҧшӡара, иуҿаччо аҵиаақәа урыманы рҿынархоит.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳажәлар ирыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара жәларбжьаратәи Амш
Аҧсны аҳәынҭқарра азхаҵаразы Аҧсуа жәлар ргәаҳәара ҳасаб азуны, Аҧсны Аҳәынҭқарра азхаҵазааит исуверентәу, ихьыҧшым ҳәынҭқаррак аҳасабала. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аҧсуа Ган аҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагароуп адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы, иалыршоу аиқәышаҳаҭра шәҟәыла еиқәнаршәароуп. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапы ианҵазааит анагӡаратә мчра аинтерес змоу афедералтә усбарҭақәа алархәны аиҩызареи, аусеицуреи, наҟ-ааҟ аицхыраареи ирызку аиқәышаҳаҭра апроект азыҟаҵаразы Аҧсуа Ган аҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара, ишьақәыргылоу…
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ааигәа даҭааит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада. Уи дицын араион ахадара анапхгаҩы Баграт Боџьгәуа. Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура излаанацҳауала, Бжьаниа иарҳәеит амедицинатә усҳәарҭа иахьаҵанакуа иҟоу апроблемақәа ртәы, ахәҭакахьала аӡышьҭрақәа, аӡымҩангагақәа шхаз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me