Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк еиҧш игылеит Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа. Аиаша агәрагара, уи аиааира агара шалшо азы гәыҩбара амамзаара, ҳаибашьцәа урҭ адоуҳамч дук рынаҭон.