Руслан Ратиеи сареи 1970 шықәсазы абжьаратә школ ҳалгеит. Иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз, зыӡбахә сымоу аамҭақәа раан Арасаӡыхьтәи аа-шықәсатәи ашкол аҿы арратә ус дзырҵоз Шьашь Сааҭ-иҧеи, сашьеиҳаб, агәыбжьанытә, арҵаҩра аганахьала акыр шықәса инеиҧынкыланы аус зухьоу, уажәы тәанчара иҟоу Шьалуеи, ҳҩыџьагьы Аҟәа ҳрыманы иааит аинститут ҳҭарҵарц. Арзаҳалқәа алаҳҵеит. Сара усҟан ада Аҟәа смаацызт, Руслангьы ус акәхарын. Аҧошьҭа азааигәара ҧҳәыск лҿы қьырала…