Аҳақьым хада ҿыц

13 Жьҭаара 2022 10:38
Аҧсны асанитартә-епидемиологиатә станциа аҳақьым хадас иҟаҵоу Алла Белиаева напхгара зылҭараны иҟоу аколлектив дыдирдырит Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Еиҭашьақәыргылоуп

13 Жьҭаара 2022 10:37
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы азеиҧш рҧхарҭа еиҭашьақәдыргылеит. Абри аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба даҭааит аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аремонттә усурақәа ахьымҩаҧысуаз Ареспубликатә хәшәтәырҭа.

Ҳԥеиԥш знапы иану

13 Жьҭаара 2022 10:35
Ахәыҷы иааӡара, уи аҧсуаҵас ахымҩаҧгашьа илааӡара, ихатәы бызшәала аҷҷаҳәа дцәажәо, ижәлари иҧсадгьыли ргәыбылра, рыбзиабара иркра, зегь раҧхьа – аҩнаҭа, аҭаацәара рҟнытә ахы ыҵнахуеит. Аха уи еиҳа инарҵауланы, ихаҭәааны ахәыҷы иахьизнарго ахәыҷбаҳчеи ашколи рҿы ауп. Хаҭала шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа ахәыҷы аамҭа ахьихиго ахәыҷбаҳчаҿы – ааӡаҩцәа уи иааӡараҿы, идырра аизырҳараҿы ирыбзоуроу рацәоуп.
Аҧсны аҭоурых аҟны аҭыҧ ҷыда аннакылоит ҳауаажәлар рнырҵәара иазынархаз Сталини Бериеи имҩаҧыргоз аполитика хьанҭа. Уи ашьҭақәа иахьагьы имҕьо хәраны ргәы иануп забдуцәеи забацәеи дырӡыз ауаа. 30-тәи ашықәсқәа ирыхәлабгаз, Бзыҧҭа аҳаблан ииз, иааӡаз Осман Жьыгәа-иҧа Кәакәасқьыр имаҭа Емма Золотинска-иҧҳа лаҕырӡылоуп иахьагьы лабду иӡбахә шылҳәо.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы рзы аныҳәақәа ирныҳәоу – Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш!

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me