Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала аколлектив агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәа ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш!
Акыр иаԥсоу, ҳаҭыр зқәу аҳәса! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Жәларбжьаратәи Шәымш – Март 8! Ааԥын иацны иааиуеит шәныҳәа, ԥшӡарала, хаарала, гәыкрала еибарку. Аԥҳәыс аҭаацәара еихазҳауа, ҳхәышҭаарақәа змырӡуа раԥхьа дгылоуп, лара илыҵоуп аԥхарра, аманшәалара, аизыӡырҩра. Еиҭаҳҳәоит, еиқәшәырхоит ҳхәышҭаарақәа, иагьышәыхьчоит. Аҳәса убоит ҳаԥсҭазаара аҵкарқәа зегьы рҿы, еиуеиԥшым аусқәа қәҿиарала шәнапы рылакуп.

«Агәхыхҩы»

27 Жәабран 2023 12:12
Февраль 14 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа драматә театр аҟны амассатә информациа хархәагақәа русзуҩцәа идырбан, раҧхьаӡакәны Ф. Достоевски ироман «Ауаа рыцҳақәа» ала ақәыргыламҭа «Агәхыхҩы». Уи режиссиорсгьы,ақәыргылаҩысгьы дамоуп Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Адгәыр Ақаҩба.Сааҭк ицоз аспектакль ҿыц даара гәахәара дула ирыдыркылеит ажурналистцәа. Адырҩаҽны, февраль 15-16 рзы агәаҳәара змаз апремиера ҿыц ахәаҧшразы аҭагылазаашьа рыман уахь амҩахыҵра.
Акыр шықәса раахыс ахәаҧшцәа ибзианы дыр­дыруеит аоператә шәа­ҳәаҩы изанааҭ змоу, арҵаҩы, ааӡаҩ, аиҭагаҩ, Аҧсны жәлар рартист Борис Амҷба. Февраль 17 рзы уи 85 ш. ихыҵра аиубилеи агәалаҟара бзиа иманы даҧылеит. Аханатә еиҧш, аҟазара амаҵ азызуа ашәаҳәаҩ ирҿиаратә мҩа мҽхакы ҭбаала еиларсуп.

Риҵа аӡиаҿы

27 Жәабран 2023 12:06
Февраль 17 азы ихыр­кәшахеит Риҵатәи Амилаҭтә парк иахьа­ҵанакуа ашьха ҭыԥқәа рҟны асыԥса аҿыбгарақәа раԥырҟәҟәаареи аиқәырхаратә усурақәеи рымҩаԥгаразы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра акоманда–штабтә ҽазыҟаҵарақәа. Урҭ ирылахәын Аминистрра хаҭалатәи аилазаара 50-ҩык рҟынӡа, иара убас 15 цыра атехника ҷыда.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me