Рашәарамза 16, Аԥсныпресс. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистри Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥсны­медиа» аиҳабы Роберт Џьопуа агазеҭ «Аԥсны» акол­лектив дыдирдырит аредактор хада ҿыц Ахра Владимир-иԥа Анқәаб.
Рашәарамза 14, Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаара аминистр ҿыц Роберт Киут дыдирдырит.
Мышқәак раҧхьа иҟалаз амшцәгьа Гагра араион иахьаҵанакуа аихамҩа ахәҭак аҧхасҭа ҕәҕәа анаҭеит. Хымш-ҧшьымш рыҩныҵҟа адәыҕбақәа мҩасыртә еиҧш аҭагылазаашьа ыҟамызт, убри аҟынтә аамҭала русура аанкылан.
Рашәарамза 13 азы иҟалаз ақәоура бааҧс иахҟьаны араион аинфраструктура ааха ӷәӷәа аиуит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Ахада адырра ииҭеит арыцҳара ахьыҟалаз аҭагылазаашьа зеиҧшроу азы: «Уажәы амашьынамҩа аартуп, хырхарҭа ԥсахрала аусура цоит. Рыцҳарас иҟалаз, аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, уахь макьана аусура аанкылоуп».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me