Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵа инақәыршәаны, Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵреи разгәаҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.