Аҧсны тәылауаҩык аӡәы ихашҭхьеит ҳәа сыҟам,1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны ахьчараз аҧсуаа ирывагылан еибашьуан, хатәгәаҧхарала абџьар шьҭызхыз Аахыҵ - Уаҧстәылантә, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтә иааз. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿ дыҟан, фырхаҵарыла еибашьуаз, иахьа легендаҵас зыхьӡ рҳәо аибашьҩы Владимир Карданов (Гена ҳәа зарҳәоз). Иара Аҧсны аибашьра ианалага, Ҟабарда-Балкариантәи зхатәгәаҧхарала аибашьрахь иаауаз дрыцны даауеит.