Инна Аҳашба дахьиз аҭаацәараҿы ирызҳаит ҩыџьа аԥҳацәеи, аԥеи. Аҵара лҵон лқыҭа гәакьа Ԥақәашь. «Даара иҿырԥшыгаз ҵаҩын. Даныхәыҷыз инаркны дҿырԥшыган. Лҩызцәа даарылукаауа дыҟан, лбызшәа цқьан, ԥсабарала илылан иҷыдаз ҟыбаҩк, дназлагалакгьы зегь лықәманшәалахон. Ауаҩы дизааигәан, дыгәраган, лҩызцәа, лықәлацәа рҿы, лҭаацәа рзы дыхьӡырҳәаган, дгәыҟаҵаган, еибабашьа ҷыдак ҳаман, аӡәи-аӡәи ҳаихӡыӡаауан, ҳаизыӡырҩуан, дагьсанын, дагьсаҳәшьан»,-лҳәеит, зылаӷырӡ уажәы-уажәы иаахажжылоз лаҳәшьа Ҭина Аҳашба.
Лара ашкол данҭаз инаркны, аҩра далагеит, илыҩуан ажәеинраалақәа.
Ашкол даналга, дҭалеит А.М. Горьки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, қәҿиаралагьы ихлыркәшеит 1979 шықәсазы. 1977 ш. инаркны аусура далагеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы корреспондентс. 1985ш. нахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредакторс дыҟан, ашьҭахь диасуеит «Алашара» аҟәша еиҳабыс. 1995 ш. инаркны Д. И. Гәлиа Илитература-мемориалтә музеи деиҳабын. 2003-2005 шш. раан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд аиҳабыс дыҟан. 2007 ш. раахыс ажурнал «Амцабз» аредактор хадас аус луан. Илылаз абаҩхатәра лыԥсҭазаараҿы аԥышәа бзиа лырҳаит, илылаз абаҩхатәра аныԥшит Д. И. Гәлиа Илитература-мемориалтә музеи еиҳабыс даныҟаз, насгьы Аԥсны ашәҟыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд данеиҳабыз. Ажурнал «Амцабз» аредактор хадас даниарга илыҩуан ажәеинраала ссирқәа ахәыҷқәа рдунеи иазааигәаз ҵакыла ирбеианы, еиқәыршәаны аԥхьаҩцәа рызнагараҿы, уи лара даара ҭакԥхықәрала дазнеиуан. Аус ахьылулакгьы аусзуцәеи лареи ирыбжьан аилибакаара бзиа, ҳаҭырла еизыҟан.
Инна Аҳашба акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1972 ш. инаркны. Лажәеинраалақәеи, лпоемақәеи, лочеркқәеи, лыстатиақәеи рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭгьы. Иҭыҵхьан лырҿиамҭақәа еидызкыло лышәҟәқәа рацәаны, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иалԥшаау лҩымҭақәа зну аизга х-шәҟәыкны. Уи лсахьажәа ԥсҭазаароуп, аԥсуа цәа зхоу классикоуп, ираӡоуп, иԥшӡоуп,иҵааулоуп. Инна лаԥҵамҭақәа ҳаамҭазтәи аԥсуа поезиа иамоу аҩаӡара ҳаракуп.
Зхатә гьама змаз апоетесса лырҿиамҭақәа амилаҭтә поезиа аҟны лагала дуны иаанхоит. Аҵарауаҩ иреиӷьу лҩымҭақәа иахьагьы, уаҵәгьы ҳмилаҭтә ҭоурых иазынхоит, лцәаҳәақәа аԥхьаҩцәа рабиԥарақәа ирымадахоит.
Хәшәы змамыз ачымазара лцәа иалалаз, лиааит, лыԥсҭазаара далҵит цәыббра 25, 2023 шықәсазы.
Иахьа лыԥсы ҭаны лыуаажәлар дрылагылазҭгьы илхыҵуан 73 шықәса. Аха иҟоуп лажәа, уи акыр инаӡоит, амҽхакгьы ҭбаауп. Лнышәынҭра иахагылоу лбаҟаҿы абас ануп:
Са сыԥсыргьы, укыдымшәааит,
Сиеҵә насгьы улашала.
Сышьҭахь иааиуа думыршәааит,
Амҩа кахха ирбала.
Инна Аҳашба
***
Адгьыл сықәуп, адгьыл хьаауп,
Уи сара сыҩноуп.
Снапсыргәыҵагь дгьылуп, аа,
Сахьынхогь ароуп.
Уи иахылаҧшуа жәҩантәыла
Илаҧшхаа ҳҭакӡоуп.
Ҳаҧсы зниҵаз Аҧсы атәыла
Зҳаиҭаз убар азоуп.
Амш иахылҵуа алашара,
Ҳгәаҵақәа ирҭаҧхарц.
Аҵх маӡа аҧша ныҟәа
Ҳхьаақәа хнаҩарц.
Иныҳәаҧхьыӡ ҳагәҭаныҟәа
Ҳхалашо ҳнаскьарц.
Ҳашьха ирхыҩуа Анцәарашәа
Дгьыл доуҳа цаҧхоуп.
Ашьха-ҿыӡәӡәа арҩаш хьшәашәа
Ацыҧхьла ҳкәабоуп.
Дгьыл ныҳәак ҳаҭоуп
Асаркьалқәа
Иҳазҭада ацәаха,
Адунеи абжьы гоит.
Аҵых лыҧха, ацәахаа
Анырҳәоз, ҧхыӡ избоит.
Асаркьалбжь карақәа,
Агәыҭҟьа садыргоит.
Асаркьалбжь баагәарақәа –
Сыҧсадгьыл заҵә рыхьчоит
Ҳҿыхҩы адгьылахь даауан
Сыҩнашә ҿыцны иаасыртит,
Сқьаадқәа ҿыцны исыртытит,
Амца саҵхеит схәышҭаара,
Аныҳәаҩ сеидру данаара.
Ажәҩан саҵаҧшын избеит
Ҳҿыхҩы иеҵәахә лашеит.
Исҳәоз сашьҭан сыҧшаауан,
Ҧшахьк имҩасуаз сазҵаауан.
Адгьыл цәажәон, ажәҩан ччон,
Аҵых лакәха иҷаҧшьон.
Адгьыл ҿыхын, адгьыл ҧшьан,
Сара иҿыцыз ҩнык сыҩнан.
Дгьыли-жәҩани рықә еиларсын,
Цәгьеи бзиеи ҵәҩанкеиҧш иарсын.
Гәыцқьеи-ҧсыцқьеи рымҩа артын,
Агәаҕқәа зхыҵәазгьы дбатәын.
Гәырҕьаҿҳәаша дгьыл иангалан,
Еҵәа лыҧха ажәҩан иалан.
Уи мацәысуан, иҭаауан,
Ҳҿыхҩы адгьылахь даауан.
Са сынхарҭа
Аҧҭа рхыбра сыҵагылан,
Ақәа кылсын иахьыкәкәеит.
Ашәҭқәа ирылхны аҩны сыргылан,
Амра нақәшын иканӡеит.
Цәқәырҧеи сыҧреи еиҿагылан,
Сахьцоз сзымцо саахынҳәит.
Сыҽҳәа мцабзи ҧшеи еиҧылан,
Сыҧхын шоураз цәгьа слаҳәит.
Амацәыс-хҿа мцаны исхысит,
Иҳәатәымыз џьара ак сҳәоу.
Аџьныш ишьҭаз сгәы дҭахысит,
Сгәаҵа нхарҭас иҟаиҵоу.
Сгәы касыршәын илаҧалеит.
Уарҳалз џьыршьан сызҭахым.
Ҳжәытә нхарҭа цгәык аххалеит,
Краҿазҵашагь уаҩ дахым.
Ажәҩан хыбуп, адгьыл нхарҭоуп,
Ахақәиҭра уи ауп са сзын.
Са сынхарҭа иашаҳәарҭоуп,
Уахь сыҩналеит ашәқәа атын
* * *
Сашәахон сызҳәо дҟалозар,
Смаӡахон сызҳәо дҟамлозар.
Исахьа аҧысҵон саб, сибозҭгьы,
Сҧыруан жәҩанахь сан дызбозҭгьы.
Сымцахон аӡы сазмырцәо,
Сӡиасхон амца сырцәо.
Самҵәыжәҩахон Ажәа иҧрызгьы,
Исылшаны уи Ажәа зҩызҭгьы.
Сыҧсуан сыдгьыл аҧсы нықәны,
Ма хьмыӡҕыла адәы сықәны.
Аҧша мҩасгьы сацәшәарымызт,
Амшын сырырц сыӡсарымызт.
Аиаша сашьҭанҵәон избозҭгьы,
Арахь сышьҭахь мыц рымҳәозҭгьы.
Марҭа Гәарамиа