Ақыҭанхамҩа аминистр афорум атемала иацәажәара машәыршақә иҟамлаӡеит. Ари аусмҩаԥгатә ду аҿы ихадароу ҳәа иалкааз ахырхарҭақәа ҩба ируакын ақыҭанхамҩа, егьи атуризм акәын. Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, Урыстәылантәи иааз Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Разин напхгара зиҭоз аделегациа хыԥхьаӡарала егьырҭ зегьы иреиҳан – 37-ҩык ыҟан. Дара афорум аофициалтә аартра амш аҽны акәымкәа, еиҳа заа иаахьан, уи зыҟаҵаз анхамҩатә наплакқәа рҭаареи рбареи ахьӡаразы ауп. Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыҧуаҩ Андреи Разини Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи аҭаааит аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу ақыҭанхамҩатә институт ашәырааӡарҭа. Араҟа Ақыҭанхамҩа аинститут аиҳабы Лесик Аиба дара идирбеит ааӡарҭа аҟны ирымоу аҵиаа хкқәа, иара убасгьы уажәааигәа аинститут аҿы еиҭаҳаз абанан, апапаиа, аманго уҳәа, Аҧсны ҳзышьцылам аекзотикатә шәырхкқәагьы.
Иазгәаҭатәуп, ҳазҭоу ашықәс алагамҭазы Москва ишымҩаҧгаз аекзотикатә шәырхкқәа раларҵәаразы ақыҭанхамҩа Аминистрра ахаҭарнакцәа злахәыз астол гьежь. Анаҩс аинститут аҿы иаадрыхуа ашәырхкқәа рцәыргақәҵахь инаргеит, раҧхьаӡа акәны Аҧсны иҟалаз абанан агьамагьы асасцәа иддырбеит.Уи ара, аинститут аҿы ирааӡаз ауп. Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Разин аинститут аусура даара ахә ҳаракны ишьеит. Иҳәеит адунеи аҿы ишмаҷу зҳауа аҵиаахкқәа зегьы ирнаало атәылақәа.Аԥсны иаадрыхыз атропикатә шәырхкы – абанан агьама даара ихаауп ҳәа ахәшьара аиҭеит.
Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ иныҟәарақәа уи ала ихыркәшаӡамызт, иара убасгьы, Андреи Разини, Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи аҭаан ирбеит Гәылрыҧшь араион Ԥшьаҧ ақыҭа иргылоу ацитрустә шәырқәа аус рыдуларазы азауад. Уи аргыларазы Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аашә-миллион мааҭ альготатә кредит азоужьын. Шәи хынҩажәа миллион мааҭ рҟынӡа анаплакы ахаҭарнакцәа рхатә харџьоуп. Азауад ацитрустә аалыҵқәа аус рыдулара иазырхоуп. Мҽхакы ҭбаала аусура иалагоит ҳазҭоу ашықәсазы.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит, аделегациа ахаҭарнакцәа аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу анаплак маҷқәагьы ишырҭааз. «Ари афорум иалахәхарц рылшон уи азы агәаҳәара змаз аҭыԥантәи ауааԥсыра зегьы. Иашаны, даара азҿлымҳара рыман ақыҭанхамҩа азҵаарақәеи, иамоу ауадаҩрақәеи. Аекономикатә форум ахаҭа ахьӡ ишаҳәо еиԥш, гәцаракра зыҭаз ԥхьаҟатәи аинвестициақәа ракәын. Иҟаҵоу инықәырԥшшәа акәын ишалацәажәаз, аԥыжәара рыҭан аԥхьаԥҟақәа», – иҳәеит Беслан Џьопуа.
Ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, Урыстәылатәи рколлегацәа инарҭбааны ирылацәажәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара аусхк аҿы ацхыраара ҟарҵар ахьрылшо ахырхарҭақәа. «Ҳәарада, аҵак ҷыда амоуп, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҳазҭоу ашықәс ақыҭа иашықәсны иахҳалаиҳәаз.Убри иадҳәалоуп ақыҭанхамҩа аусхк иаҵанакуа азҵаарақәа зегьы. Уажәы иааны иҟаз аделегациа ахаҭарнакцәа рыбжьара иҟан ҳара уаанӡагьы аус зцаҳаухьоу, иаҳҳәап аԥырхага ҟазҵо ахәаҷақәа нзырҵәо ашҳамқәеи, ақыҭанхамҩаҿы зыда ԥсыхәа ыҟам егьырҭ ахәшәқәеи ҭзыжьуа анаплак ду «Росагролизинг». Уи Урыстәыла иахьаҵанакуа мацара акәымкәа, анҭыҵгьы аалыҵ хархәара ду амоуп. Ҳаргьы изныкымкәа ҳхы иаҳархәахьеит, дара еснагь ианаҳҭахәу ацхыраара ҳарҭоит, ус баша хәшәыла аиқәыршәара акәым, иахәҭоу шахәҭоу еиҭазҳәо ауаагьы ҳзаарышьҭқәахьеит. Уажәшьҭарнахыс иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳусеицура аофициалтә ҟазшьа аиуеит, насгьы амҽхак еиҳагьы аҽарҭбаауеит», -иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.
Беслан Џьопуа иҳәеит, имҩаԥгаз астол гьежьқәа рҿы ишырзааҭгылаз хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа, урҭ ишрылахәыз аҭыԥантәи анаплакқәеи, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аазрыхуеи иҭзыжьуеи ауаа. Астол гьежь аартуа, Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр дазааҭгылеит ақыҭанхамҩа арҿиареи аграртә комплекси аҧыжәара шрыҭатәу. Иара убасгьы аминистр далацәажеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба идҵала 2026-тәи ашықәс ақыҭа ишашықәсу. Ақыҭанхамҩа – ҳтәыла аекономика азы хадара злоу ахырхарҭақәа ируакуп. Аҧсуа қыҭа ҳмилаҭ ркультуреи, рқьабзқәеи ирхыҵхырҭоуп, иара аиқәырхареи ацхыраара аҭареи аус еснагь иахаҵгылалатәуп иҳәеит аминистр.
Аусура ашьҭахь, изҭахыз зегьы азҵаарақәа рыҭиразы алшара рыман, иара убасгьы уадаҩрақәак рымазар урҭгьы рылацәажәара. Беслан Џьопуа иҳәеит, астол гьежьқәа рышьҭахь Андреи Разин идҵала аделегациа иалахәыз ауадаҩрақәа змаз анаплакыҩцәа ирыцны рааглыхрақәа ишрыхәаԥшыз, Очамчыреи, Тҟәарчали,Гали рраионқәа рҿы ишыҟаз. «Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи агәыԥ ду ҳаицны ҳааит. Сара иаҳзеиԥшу агәаанагара сҳәоит, ареспубликаҿы ҳаҟоуижьҭеи, иаҳбаз зегьы узыршанхо акоуп, уи зегьы аимадарақәа иҵегь рырҭбаареи рырӷәӷәареи рзы ҳгәы азҭанаҵоит», - иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Разин иқәгыларақәа руак аҿы. Ус иагьыҟаҵан анапы, рыҵаҩын аиқәшаҳаҭрақәа ԥшьба.«Урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә Центри, арахәааӡаразы Ацентр хадеи, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә қыҭанхамҩатә маҵзуреи, «Шьчолково Агрохимиеи» иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп, афитомониторинги, аҵиаақәа рыхьчареи, арахә рааӡара аҿиареи иара убас агрохимиатә, адгьылтә, аекологиатә ҭҵаарақәа рҳәаақәҵареи рзы алшара ҿыцқәа раԥҵара», – иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
«Убасгьы, афорум инаҷыданы иуҳәозар, Аԥсны ақыҭанхамҩа арҿиаразы уаанӡа ихацыркыз апроектқәа зегьы сынтәа еиҭарыцҵоуп, иаанкылоу ыҟаӡам. Уи моу, ҩнызқьи ҩажәифбатәи ашықәс Аԥсны ақыҭа аҿиара иашықәсны иахьрылаҳәоу инамаданы, еиҳагьы ари атема гәцаракра аҭоуп. Ари афорум алшара ҿыцқәа аанартит, хымԥада аԥсуа ган уи хархәара анаҭоит», –иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.
Афорум анхыркәшаха ашьҭахьгьы аӡбахә алацәажәара иаҿуп. Урыстәылатәи аекспертцәа уи аиҿкаара ахә ҳаракны иршьеит. Раԥхьаӡа акәны аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иааит жәохә ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа, Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҟынтәи аделегациақәа. Жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәын хәышәҩык инареиҳаны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аекспертцәа, аусдкылаҩцәа. Дара иазгәарҭон ари афорум ҳтәыла аинвесторцәа радыҧхьаларазы алшара бзиақәа шаанаго, хырхарҭа рацәала иамоу апотенциал аарҧшра шалнаршо.
Елана Лашәриаҧҳа