Уаанӡа, агемодиализ «иԥсабаратәым аҷаҷа» ҳәа изышьҭоу аппарат ада аҷаҷа арыцқьаразы апроцедура амҩаԥгаразы Урыстәылаҟа ицоз ачымазцәа аҭагылазаашьа бзиа роуит. Хара имцакәан, ара ишыҟоу апроцедура рыдыркылартә иҟалеит.
«Сынтәа 14 шықәса ҵуеит агемодиализ аҟәша аҟны раԥхьатәи ачымазаҩ данҳадаҳкылаз амш аахыс. Мшаҽнеиԥш, исгәалашәоит агемодиализ аҟәша аартра раԥхьатәи амш. Ҳусура хацҳаркит занааҭла – иреаниматологу (анаҩс, анефралогиа аганала акурсқәа ирхысыз) агемодиализ аҟәша аиҳабы Ирина Евгени-иԥҳа Андрееваи сареи. Усҟан, ҳҩыџьа ҳамала ҳакәын ҳақьымцәас аус зуаз», – лҳәеит ҳаиҿцәажәараан, иреиҳау акатегориа змоу аҳақьым, нефролог Марҭа Леонид-иԥҳа Ҳаразиаԥҳа, анаҩс, аҳақьым нефролог Хатиа Оҭар-иԥҳа Бигәаа рыҟәшахьы усура дышрызнеиз азгәаҭо.
Агемодиализ – «иԥсабаратәым аҷаҷа» ҳәа изышьҭоу аппарат ала аҷаҷа арыцқьаразы хархәара зырҭо методуп. Апроцедура анымҩаԥысуа ачымазаҩ ицәа иалалаз ашҳам, имыцхәу аӡы илгахоит.
Иалырҟьаны аҷаҷа аусура аиԥҟьара, алаҽра, акраамҭатәи адиализ «иԥсабаратәым аҷаҷа» ахархәара зхылҿиаауа ачымазарақәа ируакуп ашьақар чымазара, ашьақәыӷәӷәара ҳаракыра алаҽра, еиуеиԥшым аҷаҷа чымазарақәа, аҷаҷа чырақәа (опухоль) уҳәа убас егьырҭгьы.
Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы егьырҭ арҳәарахқәа реиԥш аҷаҷа аусурагьы хадароуп. Уи ишахәҭоу аус ауртә алшара анамам ауп агемодиализ «иԥсабаратәым аҷаҷа» аппарат ахархәара анаҭахо.
Марҭа Ҳаразиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит агемодиализ апроцедура 4 сааҭк инарзынаԥшуа ишымҩаԥысуа. Уи ада ԥсыхәа змам, зҷаҷа ишахәҭоу аус амуа ачымазцәа мчыбжьык ахьтә хынтә дара рахь ишымҩахыҵуа.
Иахьатәи аамҭазы ҳаҟәшаҿы ачымазцәа 64-ҩык ыҟоуп. Урҭ еиԥҟьарада иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы аус аауеит аҟәша аусзуҩцәа зегьы.
Апроцедура ахьымҩаԥааго азалқәа хԥа ҳамоуп, аппаратқәа 14 ҳазгылоуп, 3- азал хәыҷы аҟны, 4 – абжьаратә, 7 – иреиҳау азал аҟны.
Раԥхьа аус злаауаз ашьақәгыла фризи акәын, 2017 шықәсазы иԥсахын бибраун ала, иара убас 2019 шықәса рзы иҳауз акомплекстә система иаҵанакуа даара ихадароуп.
Сынтәа Миксер захьӡу аконцентратқәа реилаӡҩақәа рсистема ҳамҭас иҳарҭеит.
Инаҵшьны иазгәасҭарц ахәҭоуп ҳтәылаҿы, хәшәтәырҭак аҟны унаҽԥыххны заахәара алымшо, агемодиализ амҩаԥгараан, апроцедура иахысуа ачымазцәа рыцыԥхьаӡа, ршьа зладрыцқьо, процедурацыԥхьаӡа изларыԥсахуа амедицинатә маҭәахәқәа еиԥҟьарада, хәыда-ԥсада Урыстәылантәи иҳауртә еиԥш аҭагылазаашьа шаԥнаҵо Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра. Ачымазаҩ зда дхәарҭам арҭ амедицинатә маҭәахәқәа шаҟа ҳҭаху ашәҟәы ианҵаны Урыстәылаҟа ианаҳашьҭуа, иҳамоу ачымазцәа рхыԥхьаӡара инеиҳаны иаҳарбоит. Еснагь ахашәала ԥхьакны иҳамоуп, иаалырҟьаны ачымазаҩ ҿыц дҳаднагалар ацхыраара иҭаразы – дҳацәажәон аԥышәа змоу аҳақьым нефролог.
Марҭа лажәақәа рыла, аҷаҷа чымазара змоу ауаа еиуеиԥшым, актәи, аҩбатәи, ахԥатәи, аԥшьбатәи астадиақәа ирыҵаркуа ачымазцәа 100-ҩык инарзынаԥшуеит. Урҭ рыхәшәтәра алдыршоит хәшәыла.
Ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәалҭеит, ачымазцәа ирзылырҩаауа ахәшәқәа рыхәқәа шыҳараку, ианаамҭоугьы риура шхымԥадатәиу. «Ачымазцәа ахәшәқәа рыҭара, досу дахьынхо аҭыԥ иаҵанауа аполиклиникақәа рҟны еиҿкаауп», – лҳәеит, уи, дара ишрыҵанамкуа азгәаҭо.
«Хаҭала, агемодиализ ахь иныҟәо ачымазцәа рҭагылазаашьа еиуеиԥшым. Шьоукы ргәабзиара уашәшәыроуп, иҟоуп рҷаҷа ишахәҭоу аус ахьамуа инаҷыдангьы ашьақар чымазара змоу, хаҭала апроцедураан зшьақәыӷәӷәара лаҟ́әуа, ма иҳаракхо. Урҭ ес-сааҭбжак игәаҭалатәуп, ирхылаԥшлатәуп 4-сааҭк рыҩнуҵҟа апроцедура аамҭа зегьы иалагӡаны.
Зыԥсҭазаара азбжак агемодиализ аҟны изхызго ачымазцәеи аҟәша амедицинатә усзуҩцәеи ҭаацәакны ишыҟалаз дазааҭгыло Марҭа илҳәеит: «10-14 шықәса ҳара ҳахь иныҟәоит, ҳаишьцылеит. Ҳаизыҟазаашьа даара ибзиоуп, ҳагәра еибагоит, ҳаилибакаауеит. Рчымазара иахҟьаны згәалаҟазаара еиуеиԥшым ачымазцәа, ргәы анкаҳауа, иангәамҵуагьы ҟалоит. Усҟан, ҳәарада, азнеишьа ҷыда рҭахуп, ҳара ргәы ашьҭыхра ҳҽазаҳшәоит. Даргьы ираҳҳәо рыдыркылоит, ҳагәра ргоит».
Аҟәшаҿы амедиаҳәшьцәа шырзымхо, насгьы хаҭала, ари аҟәшаҿы амедиаҳәшьа аус лурц азы, ҩымз ҷыдалатәи акурсқәа дырхысыр шакәу дазааҭгыло, иахьазы аус зуа х-ҩык аҳақьымцәа инарҷыданы амедиаҳәшьа еиҳабы, 6-ҩык амедиаҳәшьцәа, атехникатә усзуҩи, анџьныри, ацқьара ахылаԥшҩи рыла ишьақәгылоу амед-персонал ҳәоуеиқәшәала русеицуреи, ҭакԥхықәрала рзанааҭ разнеиреи алҵшәа бзиа ахьамоу дазгәдуны дҳацәажәон агемодиализ аҟәша аҩбатәи ҭаацәараны изыԥхьаӡо аҳақьым нефролог.
Марҭа Ҳаразиаԥҳа ҳаиҿцәажәараан иаҳзеиҭалҳәеит, ааигәа, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Е.Быҭәбеи агемодиализ аҟәша аиҳабы И.Андрееваи лареи алархәны имҩаԥыргаз аусуратә еиқәшәараҿы ишалацәажәаз, аԥхьаҟа аҷаҷа аԥсахра алыршара азҵаарагьы.
Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, Марҭа ачымазцәа апроцедура иахьахысуаз ауадақәа зегьы ҳлырбеит. Иаҳзеиҭалҳәеит амаругақәа акакала русушьа шеиҿкаау, хазы, хәыда-ԥсада ироуа, амедицинатә маҭәахәқәа аӡәы изыԥҵәоу шнырхуа, шаҟа рықә́ырӡхо еиламырцҳакәан иаҳлырбеит.
«Згәы бзиоу ауаа рацәаҩхааит, аха ачымазаҩ ҿыц идкылара еснагь ҳазыхиоуп», – лҳәеит уи.
Аиашазы, зԥышәеи здырреи инаҷыдангьы, ҿабызшәа хаалеи азнеишьа бзиеи рылагьы ачымазцәа зхәышәтәуа аҳақьым Марҭа Ҳаразиаԥҳа лажәақәа Анцәа ду иҟынӡа инаӡааит.
Алиса Гәажәԥҳа