Print this page

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа иаҭааит

Мшаҧы 04, 2026 30

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа иаҭааит, уаҟа Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев ирзеиҭеиҳәеит атәылаҿацә ахарџь ала имҩаԥгахо асқьала аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа.

Хара имгакәа Краснодартәи атәылаҿацә иазыԥхьагәанаҭоит аусурақәа рылагара. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои апроект ашьақәгылашьа еилыркааит, ахәшьара арҭеит.

Сергеи Кириенко ажәалагала ҟаиҵеит асқьала аиҭашьақәыргылара апроект аҭыԥантәи ауааԥсыра ахәшьара арҭарц азы ирыдгалазарц.

Асқьала еиҭашьақәыргылахоит Урыстәылатәи арегионқәеи, Аԥснытәи абизнеси, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазеи рыцхыраарала. Уи Аҟәа аԥшаҳәа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылараразы мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуа аусура иахәҭакуп.