Print this page

Аԥснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум зымҽхак ҭбаау хҭысны иҟалеит иҳәеит Бадра Гәынба

Мшаҧы 04, 2026 19

«Шәара ижәдыруеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи ас еиԥш зымҽхак ҭбаау афорумқәа шымҩаԥымсыцыз.

Хыԥхьаӡара рацәала иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрақәеи амеморандумқәеи аусеицуразы иҳамоу агәазыҳәара аанарԥшуеит. Урҭ аекономикатә рбагақәа реиӷьтәреи ареспублика аекономикатә хьыԥшымра арӷәӷәареи ирзырхоу проектқәоуп», - иҳәеит Гәынба.

Атәыла ахада Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳусеицура ихадоу хырхарҭоуп ҳәа ахиҳәааит.

Ҳара иаҳҭахуп Урыстәылантәи аинвестициақәа радыԥхьаларазы еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Ари ҳаинырразы акрызҵазкуа факторуп»,- иҳәеит ахада.

Гәынба иҳәеит Аԥсни Урыстәылатәи арегионқәеи русеицура аҵак ду шамоу.

«Ари, хымԥада, ҳхы иаҳархәараны иҟоу лшара дуӡӡоуп. Урыстәыла арегионқәа 15 рнапхгаҩцәа раара аимадарақәа рырҭбаара арҵабыргуеит. Ари ахырхарҭала аусеицура аринахысгьы иацҵахоит».