Print this page

Амонументалтә ҟазара иазкны Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥган

Ажьырныҳәа 29, 2026 17

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба имҩаԥигеит амонументалтә ҟазара иазкны Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара.

Акомиссиа алахәылацәа аицлабрахь иқәыргылаз абаҟа аескизтә проект иахәаԥшит. Ари абаҟа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахази Гал араион аҿы амаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахази ргәалашәара иазкуп.

Апроект «Игәырҩо ан» авторцәас иамоуп асахьаҭыхҩы Ныгәзар Логәуеи аскульптор Цира Ахбеи.
Акомиссиа алахәылацәа аескизтә проект ргәаԥхеит, насгьы уи аус адуларазы абжьгарақәа ҟарҵеит.

Авторцәа урҭ абжьгарақәа ирықәшаҳаҭуп, абаҟа аҟаҵараан хшыҩзышьҭра азыруеит.