Print this page

«КиВиН-2026» аҩбатәи атур ахь инеит Аԥсны еизгоу акоманда «Фантасмагорцы»

Ажьырныҳәа 23, 2026 43

Афестиваль рхы аладырхәит 630 команда, урҭ рахьтә аҩбатәи атур ахь иалхын 80.

Агәыԥ анапхгаҩы Михаил Ҵкәуа Аԥсныпресс акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәеит, анаҩстәи апрограмма аредакторцәа ишыддырбо.

Афестиваль аҩбатәи атур мҩаԥгахоит ажьырныҳәамза 25–26 рзы. Ҳкоманда ақәгылара арыцхә макьаназ ишьақәырӷәӷәам.