Print this page

КВН иҿыцу асезон аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгылоит еизгоу акоманда «Фантасмагорцы»

Ажьырныҳәа 14, 2026 32

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилаки рыцхыраарала ишьақәгылаз акоманда Шәача ақалақь аҿы иқәгылоит ажьырныҳәамза 15 рзы.

Еизгоу акоманда иалоуп актиорцәа, аблогерцәа, иҳаҩсыз ашықәсқәа раан КВН иалахәыз. Капитанс дшьақәырӷәӷәоуп Осман Абыхәба.

Акоманда анапхгаҩы Миха Ҵкәуа иажәақәа рыла, ҳазҭоу асезон азы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуа афестиваль иалахәуп 500-ҩык апретендентцәа , уаҟа акоманда «Фантасмагорцы» алкаахарц азы, рхы бзианы иаадырԥшыроуп , анаҩс Москвеи Подмосковиеи рлига хадаҿы рҽышьақәдырӷәӷәароуп. Арҭ аетапқәа қәҿиарала рхысра иашьагәыҭхоит 2027 шықәсазы Актәи аканал ателехәаԥшратә лигахь анеира.

Акоманда апрограмма шьақәгылоуп иактуалтәу жәларбжьаратәи амшхәаԥштә азҵаарақәеи амилаҭтә цәаҩа зныԥшуа алафи рыла.