Print this page

Олег Барцыц Венесуела иҟоу аҭагылазаашьа иазкны: ацҳаражәҳәарҭа аус ауеит, аусзуҩцәа ԥырхага рымам

Ажьырныҳәа 03, 2026 44

Боливариантәи ареспублика Венесуела иҟоу иҷыдоу азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа димадоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистр Олег Барцыц, абри атәы иҳәеит Аԥсныпресс акорреспондент даниҿцәажәоз.

«Иахьа шьыжьнаҵы зныкымкәа-ҩынтәымкәа ҳҽеимаҳдахьеит, аха америкатәи аруаа Каракас аганахьала иҟарҵаз ажәыларақәа ирыхьҟьаны, аинтернет ҭышәынтәалам», - иҳәеит Барцыц.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистр иҳәеит Каракас иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа аус шауа.

«Ҳдипломатцәа ԥырхага рмоуит, ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа ацҳаражәҳәаҩ ицуп. Каракас агәыҭҟьара рацәоуп ҳәа мраҭашәарантәи ирыладырҵәо адырақәа ҵаҵӷәыдоуп», - ҳәа азгәеиҭеит адипломат.