Print this page

Атәылауаа рзинқәа рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны Венесуела иҷыдоу аҭагылазаашьа арежим шалагалоу ала аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Николас Мадуро

Ажьырныҳәа 03, 2026 43

Абри атәы аанацҳауеит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

«Агрессиа хықәкы хадас иамоу Венесуела астратегиатә ресурсқәа раанкылароуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы, анефти хәарҭара злоу аҵыхтәқәеи. Ари аҭагылазаашьа ҳтәыла аполитикатә хьыԥшымра ашәарҭара аҭаргылара иазҳәоуп. Аха урҭ уи рылшом. Венесуела ажәлари уи закәанлатәи аиҳабыреи ҩышә шықәса инареиҳаны изхыҵуа ахьыԥшымреи асуверенитети рыхьчаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит».

Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, америкатәи аруаа Каракас иҟоу аграждантәи арратәи аобиектқәа ааха рырҭеит.