Print this page

Афон Ҿыцтәи агәыԥ «Аԥсар» амилаҭтә хәмарразы Аԥсны ачемпионат аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит

Ԥхынкәын 24, 2025 69

Раԥхьаӡатәи ачемпионат ареспубликатә стадион аҿы имҩаԥысит.

Атурнир аихшьалақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит агәыԥ «Аԥсар», аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит агәыԥ «Ҷлоу», ахԥатәи аҭыԥ агеит Кәтолтәи агәыԥ.

Ашколхәыҷқәа рыбжьара, Аҟәатәи абжьаратәи школқәа №1, №5 ргәыԥқәа афиналтә матч аҿы еиқәшәеит. 18 шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара аиааира ргеит ашкол №5 аҵаҩцәа, араӡны медалқәа ранашьахеит ашкол №1 аҵаҩцәа. Аџьазтә медалқәа ранашьахеит агәыԥ «Дәрыԥшь».

Атурнир аԥхьахәтә фонд 400 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аиааира згаз иранашьан ииасуа ахраҿа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.

Зынӡа сынтәа имҩаԥгаз ачемпионат рхы аладырхәит 100-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.