Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада аенергетика аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранеишьеит

Ԥхынкәын 22, 2025 70

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, иҳараку азанааҭдырразы аенергетика аусзуҩцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аенергетик» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп:

Баирамов Осман Ферит-иԥа;

Булиа Станислав Григори-иԥа;

Багаҭелиа Гарри Иван-иԥа;

Ваханиа Гиули Панает-иԥа;

Ганделиан Георги Сиракан-иԥа.