Print this page

«Алашара» 70 ш. ахыҵра азгәарҭеит

Абҵара 28, 2025 37

Алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» 70 шықәса ахыҵра аиубилеи  мҩаԥган И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны.

Уи аартуа Аԥсны  ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит 1955 шықәса раахыс иҭыҵуа раԥхьатәи аԥсуа журнал «Алашара» анысымҩа акыр ишыҭбаау. Аԥсуа жәлар знысыз амҩа зегьы ажурналгьы  шанысыз, ишахҭнагаз.

«Ажурнал «Алашара» анҭыҵ инаркны аԥсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиуан, уи иазыԥшын аԥсуа ԥхьаҩцәа хәыҷгьы-дугьы. Ажурнал «Алашара» ала иааӡоу абиԥарақәа маҷым. Уи шьаҭазыркыз аԥсуа литература ахацыркҩы Дырмит Гәлиа ихаан аахыс иамаз атрадициақәа еиқәырхо, ирыцҵо дааиуеит 2004 шықәса раахыс ажурнал «Алашара» редактор хадас  аус зуа апоет Анатоли Лагәлаа, уи напхгара зиҭо арҿиаратә еилазаара, аԥсуа кьыԥхь амаҵ азыруеит гәык-ԥсыкала, рус иазнеиуеит ҭакԥхықәрала.

Алитература инаҷыданы, еиуеиԥшым ахырхарҭақха зныԥшуа раԥхьатәи аԥсуа журнал «Алашара» 70 шықәса  ахыҵра, уи аусзуҩцәа рзы  мацара акәымкәан, аԥсуа кьыԥхь, адоуҳатә культура, аԥсуа жәлар зегь рзы ихҭыс дууп, ныҳәоуп», – иҳәеит Вахтанг Аԥҳазоу, ажурнал «Алашара» аусзуҩцәа арҿиаратә гәацԥыҳәареи  иреиҳау аихьӡарақәеи рзеиӷьашьо.

Аиубилеитә ныҳәа  аартра ашьҭахь иарҳәан Аԥсны Агимн, анаҩс минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит  еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵаркуаз, зыԥсҭазаареи зырҿиареи  ажурнал «Алашара» иадҳәалаз, зыдунеи зыԥсаххьоу  ашәҟәыҩҩцәа.

Ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, ахьӡ ҿыцқәа ахьцәырҵуа, алитература аҟны ҳазхзыҽхәо ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа  зегьы ажурнал «Алашара» хыҵхырҭас ишрымоу, раԥхьа  уи адаҟьақәа рҟны ишыркьыԥхьуаз, анаҩс, хаз шәҟәқәаны адунеи шырбоз азгәаҭо, иҳәеит ажурнал аҭоурых азы акырӡа шаҵанакуа, аусзуҩцәа рзы уи шгәадуроу.

«Д.И.Гәлиа еицырдыруа ипоема «Сара схәышҭаара» ала иаатуеит 1955 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Алашара» раԥхьатәи аномер.

Аԥсуа журнал аҭыҵра, уи знысыз амҩа мариамызт, Д.Гәлиа акырынтә ашәҟәқәа ҩуа, Қарҭи Москвеи дрыбжьан, аха иага аџьабаа ибазаргьы игәахәтәы наигӡеит. Уи ибзоурала 1955 шықәсазы ажурнал «Алашара» аҭыҵра аналыршаха, даӡәыкымхеит, иарӷьажәҩаны ивагылеит абаҩхатәра злаз апоетцәа, апрозаикцәа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа.

Д.И.Гәлиа иеиԥш раԥхьаӡатәи ажурнал аномер аиҿкааҩцәа рхыԥхьаӡара аҟны иҟан ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы: Б.У.Шьынқәба, Ш.Д.Инал-иԥа, Кә.Шь. Ломиа, И.К.Ҭарба уҳәа убас  егьырҭгьы.

1955 шықәса инаркны 1956 шықәсанӡа «Алашара» раԥхьатәи редактор хадас дыҟан М.Л.Аҳашба. Анаҩс, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы редактор хадацәас иҟан Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Алықьса Џьениа, Гьаргь Гәыблиа, Никәала Кәыҵниа» – иҳәеит  уи ажурнал аҿиареи аҭоурыхи дырзааҭгыло.

Анатоли Лагәлаа иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит ажурнал «Алашара» аҟны аханатә аахыс, Нхыҵ-Кавказ инхо ҳашьцәеи ҳареи  еиҳа ҳаизааигәатәра, ҳгәыбылра арӷәӷәара иацхраауа, иҳәаақәызҵо акы акәны ишыҟоу, урҭ рмилаҭтә литературақәа рҟнытә аҩымҭақәа лассы-лассы ажурнал адаҟьақәа рҟны акьыԥхьра. Уи  агәцаракра, ахшыҩзышьҭра аҭара акыр шаанаго ҳаиашьареи ҳаимадареи рыҿиара аизырҳараҿы. Алитературатә еимадара, аиҿцаара иҳамоу  шьақәнарӷәӷәоит ҳашьцәа  ауаԥсаа рмилаҭтә журнал «Нах Дуг» («Ҳара ҳшәышықәса») ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рыла иахьхадырҭәаауа. Иазгәеиҭеит, иҭыҵраны ишыҟоу «Нах-Дуг» даҽа номеркгьы, ҳаԥсуа литературеи, ҳкультуреи, ҳҭоурыхи ирызкны. Имҳәакәан давымсит, ажурнал «Алашараҿы» аҭыԥ хада шааннакылоз аиҭага, иахьагьы уи ишазхьаԥшуа.

«200 даҟьа иҟоу ҳжурнал заҵә 70 шықәса раԥхьа  ишхацыркыз еиԥш, ԥсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиуа аҟаҵара хымԥадатәны иҳаԥхьаӡоит, ажурнал «Алашара» ахатә саит шаԥҵоугьы, зуаҩыбжарахь инеихьоу ҳаԥхьаҩцәа аинтернет ахархәара иахьаманшәалам аҟнытә», – иҳәеит Анатоли Лагәлаа.

Иқәгылара хыркәшо, ажурнал «Алашара» аҭыжьра зџьабаа аду иколлектив русеицура алҵшәазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Анаҩс, иреиӷьу аусзуҩцәа алкааны аҳамҭақәеи  ашәҭ шьыҵәрақәеи риҭеит.

Аиубилеи аҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы, Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Џьансыхә Нанба данаԥхьа ашьҭахь, уахь имҩахыҵыз аекран ду ала идырбан зыдунеи зыԥсаххьоу ашәҟәыҩҩцәа, ажурнал «Алашара» аҟны еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус зуаз Гьаргь Гәыблиеи Мушьни  Миқаиеи архив аҟнытә рықәгыларақәа.

Аԥсны аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба ажурнал «Алашара»  аусзуҩцәа риубилеи рыдныҳәало иазгәалҭеит иуадаҩыз аамҭақәа иргәылсны иаауа ажурнал «Алашара» аԥсуа жәлар рҿахәы шаҳәоз. «Иахьагьы аԥсуа доуҳатә литература, акультура амаҵ аураҿы ажурнал «Алашара» иалшо рацәоуп, аҭыԥ ҷыда ааннакылоит», – лҳәеит уи.

Апоетесса, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниаԥҳа лықәгылараҿы иазгәалҭеит, насыԥс ишылшьо ажурнал «Алашара» аҟны аус зуаз ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа аӡәырҩы дахьырхаану, урҭ  аамҭак  дахьрыцаныз.

«Сара исгәалашәоит, ажурнал «Алашара» 50 шықәса ахыҵра  Аԥсуа драматә театр  ҭырҭәааны ишазгәаҭаз. Иахьа  сгәы иалоуп, хыԥхьаӡара маҷла ҳаизаны акрызҵазкуа арыцхә ахьазгәаҳҭо. Аԥсуа доуҳа, аԥсуа кьыԥхь, аԥсуа ажәа сахьарк ашьҭыхра, уи  еиҳагьы азхьаԥшра аҭахны избоит» – лҳәеит уи. Лықәгылара хлыркәшеит ажәеинраалала.

«Ажурнал «Алашара» аусзуҩы, апоет, академик Валентин Кәаӷәаниа, аиубилеи аҟны, раԥхьа ажурнал «Алашарахь» иажәеинраалақәа иманы даннеиз игәаларшәо, апоет, ашәҟәыҩҩы, усҟан апоезиа аҟәша аиҳабыс иҟаз апоет Мушьни Миқаиа хаҭала дышидикылаз азгәаҭо, дрыԥхьеит данстудентыз ажурнал «Алашара» аҟны иикьыԥхьыз акымкәан-ҩбамкәан ажәеинраалақәа. Урҭ гәахәара дула ирыдыркылеит аиубилеи ахь имҩахыҵыз асасцәа.

Ажурнал «Алашара» аханатә иамаз ахьӡ камыршәкәан, уи уаанӡатәи агьама еиҳа иҳаракны, ахьӡ ахаҭа ишаҳәо  еиԥш, алашара агымхо иааиуеит» – лҳәеит  апоетесса Гәында  Кәыҵниаԥҳа.

Аиубилеи аҟны иқәгылаз аӡәырҩы реиԥш, данстудентыз ашықәсқәа рзы ажурнал «Алашараҿы» ишикьыԥхьуаз азгәаҭо, уи 70 шықәса ахыҵра  рыдиныҳәалеит, хаҭала, аамҭаказы  ари аредакциаҿы аус зуаз Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа. Иқәгылараан даԥхьеит иқәыԥшра аамҭазы ииҩыз, ажурнал «Алашара» аҟны икьыԥхьыз иажәеинраала «Аччаԥшь».

Ашәҟәыҩҩы  Владимир Делба иқәгылараҿы даҩымсит, ажурнал «Алашара» аредакциаҿы аус шыруаз абаҩхатәра злаз ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа хатәрақәа. «Атрадициа бзиақәеи абаҩхатәра иашеи ахьыҟаз акультуратә  хәышҭаараҿы  сқәыԥшра ааамҭазы снанагахьан. Исгәалашәоит, усҟан Алықьса Џьонуа редактор хадас дыҟан. Аԥсышәала сахьзымҩуеи  сахьзымцәажәои азы схы гәыбӷан асҭоит иахьагьы, аха асахьаҭыхра аҟазара аганахьала усҟан  раԥхьатәи сшьаҿақәа ажурнал «Алашара» ала ахацыркра разҟыс Анцәа исаҭәеишьеит», –иҳәан, 1966 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Алашара»  аномерқәа руак ианыз иҭыхымҭа  аацәыриган аиубилеи ахь имҩахыҵыз идирбеит.

«Ажурнал «Алашара» алшара дууп, ахыԥша ӷәӷәоуп. Уи  иааӡаз ашәҟәыҩҩцәа рацәаҩуп. Аԥсуа  ажәа иахыҵхырҭоуп. Атрадициа бзиақәа аман, уи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы амаҵ азызуаз аредактор хадацәа идырҿиаз, ихацдыркыз аус иацҵо иааигоит абаҩхатәра  злоу апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли  Лагәлаа» – иҳәеит  апоет, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада  Геннади Аламиа.

«Аԥсуа жәлар ҳаԥсҭазаара зегь қәԥаран. Ҳара  ҳазнысыз иуадаҩыз амҩа зегь ианысит, ианыԥшуеит ажурнал «Алашара». Аӡәырҩы ҳашәҟәыҩҩцәа раԥхьатәи рԥышәарақәа рҟны  ажурнал «Алашара» иацназго ыҟаӡам. Акыр иаԥсан, иахьагьы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ажәа ахьҿио, аԥсы ахьҭоу, алитературатә хәышҭаара аҿиара ахьамоу. Аԥсуа жәлар аӡәгьы ҳизшьӡом, ҳаизыхәаҽӡом, аамҭа уадаҩқәа ирылганы иааго аԥхьаҟагьы анарха  аҳҭар» – иҳәеит  ажурнал «Алашара»  арҿиаратә еилазаара дрыдныҳәало ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба.

Аиубилеи аҟны ажәа аиԥш аҭыԥ аман ашәагьы. Иныбжьаршә-аабжьаршәны аиубилеи ахь имҩахыҵыз ашәа ҟәандала идырлахҿыхуан Аԥсны жәлар рартист Лиудмила  Гәымԥҳаи,  Аԥсны жәлар рартист  Роза  Чамагәуа-ԥҳа напхгара  зылҭо  аҭыԥҳацәа  рвокалтә-ансамбль «Гәындеи».

Ирацәан адныҳәаларатә шәҟәқәа Ҭырқәтәылантә, Урыстәылантә иаашьҭыз аиубилеи аҳаҭыр азы.

Ашәҟәыҩҩы, Аԥсны  ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабы  Даур Наҷҟьебиа, апоетесса Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа, Д.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи  аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳа,  Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аиҳабы, акритик Инал Гыцба, акритик Дифа  Габниаԥҳа уҳәа аӡәырҩы ажурнал «Алашара» аусзуҩцәа 70 шықәса ахыҵра рыдныҳәало иқәгылеит.

Аиубилеитә хәылԥазы хыркәшан  Аԥсны жәлар  рартист Лиудмила  Гәымԥҳа иналыгӡаз ашәа ала.

Алиса  Гәажәԥҳа