Print this page

Ажәеинраалақәа рыԥхьараҿы еицлабуан

Абҵара 28, 2025 48

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша, хаҭала арҵаҩы, апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лҩызцәа лыцырхырааны Аԥсны жәлар рпоет Платон Бебиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра аиубилеи инамаданы еиҿыркааит апоет иажәеинраалақәа рыԥхьаразы аицлабра.

Уи азырхиан аиҳабыратә абиԥара, иара убас афилологиатә факультет астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рыбжьара иреиӷьны иаԥхьо ралкааразы.
Аусмҩаԥгатә рҽаладырхәит, ауниверситет арҵаҩцәеи астудентцәеи реиԥш, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, насгьы Кәтол, Дәырԥшь, Дранда уҳәа ақыҭақәа рҟнытә ашколхәыҷқәа. Уахь инаԥхьан П. Бебиа иҭаацәа.
Аиқәшәара аалыртит апрофессор Е. Бебиаԥҳа, иааркьаҿны далацәажәеит аумҩаԥгатә хықәкыс иамаз. Иазгәалҭеит абас еиԥш иҟоу аицлабрақәа аҿар аԥсуа литература, ҷыдала апоезиа ишазхьанарԥшуа, урҭ рхатәы бызшәа абзиабара рылааӡараҿы ишыцхыраагӡоу.
Афилологиатә факультет адекан Баҭал Ҳагәышь иқәгылараан иазгәеиҭеит, П. Бебиа ирҿиамҭақәа, абжьаратә школқәа рҟны еиԥш, ауниверситет аҟны арҵара апрограмма ишалоу, аԥхьаҩцәа ишырзааигәоу, иранаҳәо шырацәоу. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аԥхьаҟагьы ишрызхьаԥшло, урҭ аҵара-ааӡара апроцесс ишацхраауа. Убри инамаданы аҽны зымшира ыҟаз апрофессор Е. Бебиаԥҳа аихьӡарақәа лзеиӷьеишьеит.
Иреиӷьу ралԥшааразы иаԥҵаз ажиури аилазаараҿы иҟан: Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет арҵаҩы Адгәыр Какоба, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа ахада Алиас Голанӡиа.
Е. Бебиаԥҳа лархив аҟнытә еизаз идырбан апоет П. Бебиа изкыз авидеонҵамҭақәа рцыԥҵәахақәа.
Аԥсуа поетцәа рахьтә иқәгылеит: апоет, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, иара убас Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба, ауниверситет арҵаҩы Адгәыр Какоба, Кәтол ақыҭа ахада Алиас Голанӡиа. Еизаз рҿаԥхьа ажәа рҳәеит, П. Бебиа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, Гәылрыԥшь араион Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Уарчатәи абжьаратәи ашкол арҵаҩы Валина Быҭәба.
Апоет иажәеинраалақәа иры­ԥхьаз астудентцәа рахьтә иалкаахеит: актәи аҭыԥ ланаршьеит Мадина Амҷба, аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Милена Кәыҵниа, Анжела Хведелиӡе, англыз бызшәа аҟәша аҟнытә: Даниела Паҷкориа, Мадина Еныкь. Ашколхәыҷқәа рыҩнуҵҟа аԥыжәара ааныркылеит актәи аҭыԥ иаԥсахаз ҩыџьа: Гәылрыԥшь араион Драндатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Нарҭ Ашәба, Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Илиа Сақаниа, аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥқәа ирыԥсахеит: Дәырԥшьтәи абажьаратәи ашкол аҟнытә – Сандро Сақаниа, Драндатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Валериа Ажьиба, аҳаҭыртә шәҟәы ланашьан ашәа назыгӡаз Кәтолтәи абжьаратә школ аҵаҩы Амина Кәукааԥҳа уҳәа егьырҭгьы.
Платон Бебиа иԥҳа– Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет арҵаҩы Кама Бебиаԥҳа зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит лаб ипоезиа иахьазҿлымҳау, исахьаркны иажәеинраалақәа иа­хьырԥхьаз ахәшьара бзиа алҭеит.
Аҵыхәтәан Екатерина Бебиаԥҳа аусмҩаԥгатә иаҭааз, уи зҽалазырхәыз даараӡа иҭабуп ҳәа раҳәауа, аҿар еиҳау аихьӡарақәа рзеиӷьалшьеит. Аицлабра зҽалазырхәыз иранашьан аџьшьаратә шәҟәқәеи агәалашәаратә ҳамҭақәеи.
Абасала ихыркәшан аҳра змаз апоезиа аныҳәа.

В. Ажәанба