Print this page

Аԥсны артиллериатә ҟәша аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит 

Жьҭаара 08, 2025 16

 

Арратә зыҟаҵара анапхгаҩы,  аполковник Андреи Лиубовски иажәақәа рыла артиллериа арратә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳара  ахықәкы хадақәа иреиуоуп.

Аҟәшақәа еиуеиԥшым аибашьратә ҭагылазаашьақәа раан аӷа мцала иҭархаразы рҽазыҟарҵоит. 

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп акоманда ҟаҵаҩцәа  ахьынӡазыҟаҵо агәаҭара,   арратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы  аплан ашьақәыргылара, иааиԥмырҟьаӡакәа ажәылара, арратә хәҭақәа аус рыцура.

Аҵаратә план инақәыршәаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жьҭаарамза 7-18, 2025 шықәсазы.