Print this page

Аԥсуа адыга фестиваль

Жьҭаара 08, 2025 45

Рхнышьнак ааиҩызҵәаз аишьцәа еидызкыло шьарда ирацәоуп: агәыблыра, аидгылара, аҟазара.

Кавказ  аԥацәа иашақәа иҳамоуп ҟазшьа ҷыдарак, ҳашьха хьыҵәцарақәеи, ҳарҩаш ҭрысқәеи ирацлабуеит ҳҿар рҟыбаҩ, анцәа иҟынтәи ирылалаз аҟазара. Убри аҟазара, агәырҵҟәыл ҷыда злоу ирымҭоуп «Риҵатәи арифмақәа»  зыхьӡу  аԥсуа-адыга фестиваль.

Сынтәа афбатәи  афестивальуп Аԥсны имҩаԥырго, уи  адгылара арҭоит Аԥсны акультура аминистрра, аиҿкааҩ Дмитри Габалиа. Ишдыру еиԥш сынтәа Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба 80 ш. ихыҵра иашықәсуп, убри  инамаданы сынтәатәи афестиваль «Риҵатәи арифмақәа» изкын  аԥыза ду, иагьымҩаԥган, Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Амузеи аҿы. Афестиваль иалахәын: Адыгатәылантәи, Ҟабарда-Балкариантәи, Ҟарачы-черкесктәи апоезиа абзиабаҩцәа, иара убас иӡырган апоетесса Зарина Ҟаныҟәеи (аҟабарда поет) лышәҟәы «Аикәшара», ачерқьес поет Артур Кьенчешаови ишәҟәы «Ҭагалан аблақәа», зыхьӡу, аԥсшәахь еиҭеигеит Дырмит  Габелиа.

Афестиваль мҩаԥылгон апоетесса Мадина Аӡынова (Черкесск). Зегь  раԥхьаӡа ажәа лырҭеит: Лиубов Сосналиева. Афестиваль иалахәыз зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьашьауа лара илҳәеит: «Аибашьрақәа нҵәоит, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицалароуп, иахьа 80 шықәса зхыҵра азгәаҳҭо Владислав Арӡынба еиликаауан аибашьра ашьҭахь ишырӷәӷәалатәыз Кавказ ажәларқәа риешьара  иҭҵаалатәын ҳҭоурых, ҳҟазара, убри азын иаҭахын аиҭанеиааира Аԥснынтә аҵарауаа цон аконференциақәа рахь, асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵақәа рышҟа, уи зегьы ахыҵхырҭаҿ дгылан иара. Амҩа бзиа «Риҵатәи арифмақәа» абас ихлыркәшеит уи  лықәгылара. Афестиваль ахь ааԥхьара лыман Аԥсны раԥхьатәи Ахада  иарӷьажәҩа, ихатәҩыза Светлана Џьергьениа. Апоет, ауаажәларратә усзуҩы, Д.Гәлиа ипремиа  алауреат Владимир Занҭариа «Риҵатәи арифмақәа» аԥҵара атәы дазааҭгыло иҳәеит: ари акрызҵазкуа ҳепоха иалегендоуп. «Детище Лиубову Сосналиева и Зарина Канукова» . Афестиваль еиднакылоит абаҩхатәра ҷыда злоу, ҳаешьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа. Зегьы ирбааит, ираҳааит Кавказ ажәларқәа еснагь еишьцәаҵас ҳшеивагылоу, ус иҟан, иҟоуп, иагьыҟалоит ашәышықәсақәа».

Владимир Занҭариа  ачерқьес поет Артур  Кенчешао инапаҿы ииркит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа дшалахәу ала аршаҳаҭга. Даԥхьеит иара убас апоетесса Ҟаныҟәа Зарина илзикыз ажәеинраала замана. «Аҟабарда поезиа аҳкәажә», ҳәа лзиҳәоит иара.

Апоет, ажурнал «Алашара аредактор Анатоли Лагәлаа иҳәеит  ҳашьцәа адыгақәа, ачерқьесқәа, абазақәа рырҿиамҭақәа «Алашараҿы» лассы-лассы ишикьыԥхьуа. Урҭ  аԥсшәахь еиҭаргеит: Владимир Занҭариа, Сергеи Агындиа, Дырмит Габелиа, Инна Ҳаџьымба, Валери Касланӡиа, Даур Наҷҟьебиа.  Насгьы иазгәаҭатәуп Зарина Каныҟәа лышәҟәы «Аикәшара» аиқәыршәаҩцәа дшыруаӡәку.

Асценахь дхалеит апоетесса, афестиваль «Риҵа» арифмақәа» аԥҵара зыбзоуроу апоет, ажурналист, агазеҭ «Горянка» аредактор хада, Зарина Ҟаныҟәа, идлырдырит иахьа  зырҿ-иамҭақәа ҳзаазыртуа ҳасасцәа: Анзор Аԥшев амузыкант, апоет, астудент. Лилиана  Шорданова – ажурналист, Елена Елоева.

Краснодартәи атәылаҿацә: Ҳасан Аллало ашаԥсыӷ поет, инаигӡеит абард ашәақәа, занааҭла дҳақьымуп.

Адыгатәыла:  Светлана  Тешева, ажурналистцәа  Реидгыла аиҳабы. Саида Мешлак – «Адыге-маку» аредактор хада. Темыр Дербе – апоет, Сулҭан Сиухов – апоет.

Ҟарачы-Черқесск: Артур  Кенчешаов – апоет ателахәаԥшра аусзуҩы, асценарист. Мадина Адзинова – апоет. Азамаҭи Асиаҭи – Ашибековаа,  аиашьеи, аиаҳәшьеи – амузыкатә инструмент аҷжьеԥшын адырҳәеит.

Аҵыхәтәан афестиваль иалахәыз зегьы ирзыԥшын, агәырӷьаҿҳәаша ирзаҩызахаз ақәгылара. Сааҟәымҵӡакәа сизыӡырҩландаз уҳәарын апоет қәыԥш Артур  Кенчешао «Верните красоту Кавказских свадеб» уҳәа дзыԥхьаз иажәеинраалақәа зегьы ирнубаалон  иҟәыӷара, ибаҩхатәра ҷыда.

Афестиваль ахыркәшамҭаз ажәа лырҭеит  амузеи аиҳабы Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиа. «Крепись Абхазия моя» абас ахьӡуп лара дзыԥхьаз ажәеинраала, уи аԥылҵеит Владислав Арӡынба данҭахаз аамҭазы. Иҭабуп ҳәа ралҳәеит афестиваль «Риҵа  арифмақәа» абри амузеиаҿ иахьымҩаԥыргаз.

Афестиваль иалахәыз зегьы, Зарина  Ҟаныҟәа лышәҟәы «Аикәшареи», Артур  Кенчешаови ишәҟәы – «Ҭагалан аблақәеи», ҳамҭас ирыҭан авторцәа рнапы аҵаҩны.

Афестиваль «Риҵа арифмақәа» иацҵахоит мышкы «Баграт ишьха» аҟны.

Мышьҭабзиала ҳашьцәеи, ҳаҳәшьцәеи,

Мҩамш апоезиа абзиабаҩцәа!

Наира Сабекиа