Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ҭҟәарчал араион даҭааит

Жьҭаара 07, 2025 22

Жьҭаарамза 7 рзы, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аинфраструктуратә ҭыԥқәа ргәаҭаразы Аҳәынҭқарра Ахада усуратә визитла Ҭҟәарчал даҭааит.

Аусуратә визит иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Уи рхы аладырхәит,  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа, аветеранцәа, ауаажәларра.

Иара убас, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан Аԥсны  раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵа.