Print this page

Аԥсны Ахада Иҳәынҭқарратәым автономтә еиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа иртәылоуп» адиректор хада диԥылеит

Жьҭаара 07, 2025 31

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи Иҳәынҭқарратәым автономтә еиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа иртәылоуп» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Дмитрии Гужелиеи.


Аиԥылара мҩаԥысит афорум «Аԥсны агәыԥ» аламҭалазы. Ирылацәажәан анаҩстәи аусеицура, аԥышәеимдара, иара убас иазааҭгылан Аԥснынтәи аспециалистцәа Иҳәынҭқарратәым автономтә еиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа иртәылоуп» имҩаԥнаго арҵаратә программақәа ралахәхара иадҳәало азҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Афорум аҿы ицәырго аҿыцаԥшьгарақәа.