Адунеи аҿы зыхьӡ нагоу иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, аԥызацәа шәреиуоуп. Шәара имҩаԥыжәго иҟәыӷоу, хара ихәыцуа, иҭышәынтәалоу аполитика иабзоураны, Урыстәыла, адунеи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ихадоу аҭыԥ аанакылоит.
Аԥсны жәлар гәыкала иҭабуп ҳәа шәарҳәоит иаашәырԥшуа агәцаракреи адгылареи рзы. Шәара шәыцхыраара абзоурала ҳтәыла ашәарҭадареи, асоциалтә сфереи, аҵареи, агәабзиарахьчареи, аинфраструктуреи рҿы акрызҵазкуа апроектқәа рынагӡара иаҿуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиаразы алшарақәа аатуеит.
Исгәалашәоит Аиааира Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара амшқәа раан Москва имҩаԥысыз аԥхарра зцыз ҳаиԥылара. Усҟан иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа қәҿиарала анагӡара иаҿуп, урҭ рылҵшәақәа ҳтәылауаа уажәнатә ирбарҭоуп.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, иаанышәкыло аҭакԥхықәра зцу амаҵураҿы иҿыцу аихьӡарақәа, ақәҿиарақәа.
Урыстәыла иқәынхо ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аманшәалара».