Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Гагра араион ахақәиҭтәра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит

Жьҭаара 06, 2025 31

Аусмҩаԥгатә иалагеит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵани зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал амҵани ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

Анаҩс имҩаԥган аныҳәатә концерт.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҿы иаҵшьны иазгәеиҭеит, раԥхьатәи ари аиааира ду ажәлар ргәы шышьҭнахыз, аӷа игәҭакқәа ракәзар ишеиԥнаҟьаз.

«Ари амш аҵакы ахә ашьара уадаҩуп – адунеи иқәынхо ажәларқәа зегьы иднарбеит аԥсуаа рхақәиҭразы рхы ишамеигӡо.

Иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Гагра ахақәитәра зхы ақәызҵаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, урҭ ргәаларшәара наӡаӡа иҳацзаауеит! Рфырхаҵара аҿаԥхьа ҳхы ларҟәны, иԥшьоу руалԥшьа наҳагӡоит, иззықәԥоз рус иацаҳҵоит »– аҳәоит адныҳәалараҿы.