Ҳәарада, Ацәыргақәҵатә зал хада аартра акрызҵазкуа хҭысуп аҟазара знап алаку рзы мацара акәымкәан, атәылауаа зегь рзы.
Ари ахҭыс зхы алазырхәырц имҩахыҵыз, уи аартра ныҳәак еиҧш иазыҧшыз ауаа маҷҩымызт.
Аҧсны Аҧыза-министр Владимир Делбеи Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениеи Ацәыргақәҵатә зал хада аартра иазкыз ацаха ҟаҧшь анҧырҟа ашьҭахь, шьҭарнахыс ҩаҧхьа зышәқәа аатыз аҟазара ҩны ахь рҿынархеит еизаз..
Аиашазы, Ацәыргақәҵатә зал хада иаабац хыбрамхеит, уи уаанӡа ишыҟаз акәымкәан, акыр аҽарҭбааит. Уаанӡа актәи аихагылаҿы мацара акәызҭгьы аҧсуа сахьаҭыхҩцәа русумҭақәа ахьцәыргақәырҵоз, уажәы аҩбатәи аихагылагьы еиҭашьақәыргыланы ҳсахьаҭыхҩцәа русумҭақәа рӡыргаразы ахархәара аҭан (уаанӡа аусумҭақәа ирыҵәахырҭаны иахьыҟаз).
Актәи аҩбатәи аихагылақәа рҟны, азалқәа еиҿкаауп иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо атехникатә стандартқәа рыла.
Аусумҭақәа рхаҭабзиара аиқәырхаразы, аҳауа, алашара уҳәа ҷыдала, агәцаракреи ахылаҧшреи аҭаны еиҿкаауп.
Иазгәаҭатәуп, ахыбра иамаз ажәытә архитектурагьы ишазхьаҧшыз, ажәытәи аҿатәи еиҿыбааны ишазнеиз ахыбра аиҭашьақәыргылараан. Арҭқәа зегьы аҭааҩ илаҧш аднамхаларц залшом.
Урыстәыла афедералтә музеиқәа рҟны еизгаз, 30 –рҿиамҭа еидызкылоз аколлекциа «Под южным небом» захьӡыз атеатртә музеи ҳасабла иаартын актәи аихагылаҿы. Ацәыргақәҵа абаразы иаҭааз аҟазара абзиабаҩцәа агәаран иқәгылан. Урҭ уахь иҩнарыжьлон 20-ҩык иреиҳамкәан, аамҭа-аамҭала ашәарҭадара аҧҟарақәа ирықәныҟәаны. Араҟа ицәыргақәҵаз еицырдыруаз аусумҭа хатәрақәа раҧҵаҩцәа, абаҩхатәра злаз асахьаҭыхҩцәа дуқәа: Александр Деинеки, Никанор Чернецов, Петр Кончаловски уҳәа русумҭақәа рыгәҭа ицәыргақәҵан Александр Чачба-Шервашиӡе итеатртә ескизқәа.
Аҩбатәи аихагылаҿы аҭааҩ ибарц илшон ҟазара ҳаракыла иаҧҵоу, еицырдыруа ҳаҧсуа сахьаҭыхҩцәа: Амиран Адлеиба, Руслан Габлиа, Витали Џьениа, Сергеи Ҵәыџьба, Адгәыр Ӡиӡариа уҳәа русумҭа хатәрақәа, иара убас, абаҩхатәра злоу, абиҧара ҿа иаҵанакуа асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа.
Ацәыргақәҵатә зал хада аартуа, уи аиҳабы Ельвира Арсалиа-ҧҳа лықәгылараҿы иазгәалҭеит аҧсуа сахьаҭыхҩцәа рҟазара, русумҭақәа рӡыргара ахьалшо ари ахыбра аартра иазыҧшишьҭеи акыр шҵуа, шьҭанахыс ашәқәа шаатыз, уи шгәахәара дуу.
Аҧсны Аҧыза-министр Владимир Делба ари ахҭыс рыдныҳәало иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны анапхгара ахылаҧшреи агәцаракреи шарҭаз , ахыбра аиҭашьақәыргыларазы амҩақәа шырҧшааз. «Ацәыргақәҵатә зал хада аартра акрызҵазкуа хҭысуп аҟазарауаа рзы мацара акәымкәан, атәылауаа зегь рзы», – иҳәеит уи иажәа хыркәшо.
Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа Ацәыргақәҵатә зал хада аартра рыдныҳәало, ҷыдала, иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара зыбзоуроу, иахаҵгылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи Урыстәыла Афедерациа.
Ацәыргақәҵақәа рыҩбагь аартызаауеит ҩымз,уи збарц агәаҳәара змоу аҭааҩцәа мҩахыҵырц рылшоит ҩымз рыҩнуҵҟа.
Алиса Гәажә-ҧҳа