Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арҵаҩы имш идиныҳәалеит

Жьҭаара 05, 2025 24

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!

Аҳәынҭқарра ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа.

Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵреи рзы ижәбо аџьабаазы. Аҵаҩцәа ирышәҭо адыррақәа инарываргылан ирылашәааӡоит аԥсадгьыл абзиабара, аҵаҩы дпатриот иашаны, хаҭарак иаҳасабала ижәлар дрылагылартә еиԥш алшара ишәҭоит.

Иалкаан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аибашьра ашьҭахьтәи иуадаҩыз аамҭақәа раан ззанааҭ аанызмыжьит. Ашкол еиқәырханы, аҿар аҵарадырра амҩа ианызҵаз арҵаҩцәа, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Иалыскаар сҭахуп иуадаҩу аҭакԥхықәра зцу азанааҭ алызхыз арҵаҩцәа ҿарцәа. Иҭабуп шәеиҳабацәа шәрывагыланы ашкол аҿы иреиӷьу атрадициақәа иахьрыцышәҵо.

Иахьа аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵоит атәыла аҵараиурҭақәа рҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәразы: имҩаԥысуеит ашколқәа реиҭашьақәыргылара, иахәҭлу арҵага шәҟәқәеи амаругақәеи рыла реиқәыршәара азҵаарақәа рыӡбара иаҿуп.

Аҳәынҭқарра аринахысгьы аҵарадырра асистема иҷыдоу ахылаԥшра азнауеит.

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара, ақәҿиара дуқәа. Шәыҩнаҭақәа рҿы есымша агәырӷьареи аҭынчреи ыҟазааит, шәааӡамҭацәа рыла агәеизҳара шәымазааит.

Ишәыдысныҳәалоит арҵаҩы имш!»