Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада иӡбамҭа гәахәара дула идикылеит Аԥсуаҭҵааратә институт  аиҳабы Арда Ашәба

Жьҭаара 02, 2025 23

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт даҭааит, иааиуа ашықәс азы ари аҭоурыхтә хыбра аиҭашьақәыргылара алагаразы адҵа риҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иӡбамҭа аинститут аусзуҩцәа гәахәара дула ирыдыркылеит.

Аԥсныпресс аинтервиу анаиҭоз Ашәба Арда иазгәеиҭеит, 1912 шықәсазы идыргылаз аинститут ахыбра Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рбаҟақәа рахь ишаҵанакуа.

Аинститут аиҳабы иажәақәа рыла, ахыбра  архитектуратә хаҿра аиқәырхаразы иадгалатәуп иоригиналтәу асахьақәа реиҭашьақәыргыларазы аҟазацәа.