Аныҳәатә церемониа далахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи хаҭала ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа риҭеит.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба иҳәеит, есышықәса акака ҩны еихагыла ахархәарахь ишрыҭахо.«Иахьа ахархәарахь ирыҭахо ахәбатәи ҩнуп. Арепатриантцәа ироуа ауадақәа Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭан иҟоу, х-еихагылак змоу аҩнқәа рҿы иҟоуп. Ауадақәа реихшара мҩаԥысуеит ҵәҭаԥсарала. Араҟа иҟоуп хԥа, ҩба, ма уадак змоу ауаҭахқәа, урҭ ҳаамҭа иақәшәоу арҿыцрақәа рызуп», – инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Агрба иажәақәа рыла, 500 инарзынаԥшуа аҭаацәарақәа макьана ауадақәа ирзыԥшуп. Ари асиа иануп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз арепатриантцәа. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы арепатриантцәа ауадақәа роуаанӡа, қьырала изыҩноу анхарҭа ҭыԥқәа рыхә ашәоит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит арепатриантцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыргьежьра зегьы рзы гәырӷьара дуны ишыҟоу.«Ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьыҟазаалакгьы ҳара есныгь ҳрывагылоуп», – иҳәеит Бадра Гәынба.