Згәы иаанагодаз зыбжьы неиҵыхны еиҳабык иҿаԥхьа имцәажәацыз абарҭ аҷкәынцәа абриаҟара агәымшәареи афырхаҵареи аадырԥшуеит ҳәа.
Ԥлиа Тышькәеи иԥшәмаԥҳәыс Дианеи ирхылҵит хәҩык ахшара,ҩыџьа аӡӷабцәеи,хҩык аԥацәеи. Урҭ шыхәыҷқәаз, ачымазара иахҟьаны раб дрыԥхеит. Диана илылшеит хәҩык ахшара, аӡә ишә иламгылакәа рааӡара.
Лыҷкәын аиҳабы Руслан диит 1972 ш. абҵара 7 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Лыхнытәи абжьаратә школ даналга дҭалоит Новочеркассктәи атехнологиатә техникум. Уи даналга арра ихыганы дхынҳәит аҩныҟа.
Руслан иашьеиҵбы Џьон диит 1974 ш. цәыббра 30 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.Далгеит Лыхнытәи абжьаратә школ. Аԥсны импыҵеихаларц аӷа данақәла Џьони Руслани абџьар шьҭырхит рыԥсадгьыл ахьчараз. Аиашьцәа хаз -хазы агәыԥқәа ирылалеит.
Руслан раԥхьа дызлаз агәыԥ иахьӡын «Сатурн »,уи далахәын Гагра ахақәиҭтәразы еиҿкааз ажәылара,араҟа иоуз ахәра иахҟьаны агоспиталь аҟны дышьҭан. Аха инагӡаны иҽихәышәтәаанӡа дцеит еибашьра. Диасит Лхаа ргәыԥ ахь.
Уи иеибашьратә мҩа иациҵоит Гәымысҭатәи ахырӷәӷәарҭаҟны. Араҟа иара дрылахәын,1993 ш. ажьырныҳәа 5 рзы еиҿкааз ажәылара,иара убас астратегиатә ҵакы змаз Камани Шромеи анапахьы аагаразы 1993 ш. ԥхынгәы 9 рзы имҩаԥгаз аоперациа. Руслан Тышькәа-иԥа дҭахеит цәыббра 26 рзы, Аиааира мышқәак шагаз. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьаҿ – Лыхны. Ианашьоуп Леон иорден.
Џьон далалеит Афон ҿыцтәи актәи ажәыларатә баталион, уи командаҟаҵаҩыс даман Алик Смыр.Џьон иҩызцәа дрывагыланы деибашьуан Гәымысҭатәи ахырӷәӷәарҭаҟны. Иара лассы -лассы дцалон аԥшыхәра Аҳабла Ҿыц аҟынӡагьы. Далахәын иара убас, ҳаибашьцәа рзы ишьаарҵәырахаз ажьырныҳәазтәи ажәылара.Аҟәа ахақәиҭтәразы хәажәкыра 15 -16 рзы, еиҿкааз ацәыӡ дуқәа зцыз ажәыларагьы. Убраҟа Џьон дырхәит. Иҩызцәа угьежьы ҳәа иарҳәон, аха иара: «сашьа дахьыҟоу сыздыруам, иԥсы ҭоу иҭаму» аҭак ҟаиҵон. Убасҟан Руслан агоспиталь аҟны дышьҭан. Аҟәа ахы иақәиҭыртәаанӡа аҩныҟа сгьежьуам иҳәон. Аҵыхәтәан, дышхәызгьы, Џьон иҭаирхеит хҩык ақырҭцәа,рабџьар рхыхны иҩызцәа измамыз ириҭеит. Зегь раԥхьа дгылан дцон. Аӷа иштаб ԥижәеит, аха аҽыԥхьакра дахьымӡакәа аӷа иааишьҭыз ашҳам змаз ахы иқәшәеит.Убасҟан ацхыраара змоуз афырхацәа, шьҭахьҟа игьежьырц адҵа роуит, аиҿахысрақәа цон. Џьон иҩызцәа даанрыжьыр рҭахымызт, игәеиҭеит имшала иҩызцәа шҭахоз. Иҩызцәа ихы нарықәкны ҿааиҭит: «Сара шәысҟәаҵ, шәара шәызцозар шәца,сара агәра ганы сыҟоуп мышкымзар мышкы ҳаԥсадгьыл ахы ишақәиҭхо». Ахәра ӷәӷәа зауз Џьон илымшеит шьҭахьҟа ахынҳәра. Дҭахеит Гәымысҭа нырцә ,1993 ш. хәажәкыра 16 рзы . Ианашьоуп Леон иорден.
Уи ашьҭахь иҭаацәа ираҳаит Џьон дышҭахаз, аха иԥсыбаҩ ахьамадаз рзыԥшаауамызт. Нас, дызлаз агәыԥ анапхгаҩы Алик Смыр иаҳаит анышә дахьамадаз,уи ибзоурала иԥсыбаҩ ааргеит иҭаацәа рахь.
Орнелла Ԥлиа
Афилологиатә факультет,
ажурналистика аҟәша
ахәбатәи акурс астудент